Аԥсны ашәахтә уалқәа миллиард мааҭк рҟынӡа еиқәылеит

© Sputnik Деньги
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса актәи аԥшьбарак азы Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рҟны миллиардки 26 миллион мааҭи ашәахтәқәа еизыргеит.

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik. 2021 шықәса рашәарамзазынӡа Аԥсны азеиԥш шәахтә уал аизгара иартәеит миллиард мааҭк рҟынӡа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит атәыла ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба.

Иара иажәақәа рыла, аиуристтә хаҿқәеи ахазхаҿқәеи ирықәу ауал аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа инаркны еизеит. Аха уи уажәазы уи ауал еизҳаӡом, еиҳа-еиҳа агхара иаҿуп.

Cовещании Премьер-министра Александра Анкваба с руководством министерства по налогам и сборам республики - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2021
Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа 2021 шықәса аԥхьатәи ахәымз русуразы аҳасабырба ҟарҵеит

Нанба иажәақәа рыла, ауалқәа анырымшәа, ашәахтә маҵзура урҭ русқәа Аӡбарҭатә нагӡаҩцәа рмаҵзурахьы ирырҭоит. Иахьазы аусеилыргаразы уахь инашьҭуп 230 материал зеиԥшла 160 миллион мааҭ зыртәо.

"Ауаа еилыркаалароуп анаплакы рымазар, ашәахтәқәа ршәалар шакәу. Азакәан еиларгозар, агәаҭаҩцәа мнеикәа, авба рырымҭакәа иахьынхаз ауп изыхҟьо еиҳарак, аха уеизгьы мышкызны руалгьы ршәар акәхоит, ахараԥсагьы ршәар акәхоит", - иҳәеит аминистр.

Рашәара 3 рзы Аԥсны ахада имҩаԥигаз аилатәараҿы Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба ишиҳәаз ала, 2021 шықәса аԥхьатәи ахәымз рыла аплан 18,6% иацны инагӡоуп: иалагалоуп миллиардки 25,6 миллион мааҭ ашәахтә планла 865 миллион ахьарбаз. Аизгарақәа бзианы имҩаԥысит Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшь араионқәа рҿы.

"Аԥсныпресс" Нанба иажәақәа ааго иаанацҳауеит Аԥсны ишҭаҩу 4285 иуристтә хаҿы, урҭ рахьтә аус руеит 1263, егьырҭа анхамҩатә усура мҩаԥыргаӡом, мамзаргьы анольтә балансқәа арҭоит. Ахазхаҿқәа 11 868-ҩык ҭаҩуп, урҭ рахьтә аус руеит 7 724-ҩык.

Аԥсны ашәахтәқәа реизгара иазкны Џьансыхә Нанба арадио Sputnik иеиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0