Адзиудо азы арԥарцәа рыбжьара Аԥсны аԥхьахәгара мҩаԥысит Аҟәа

© Foto / Андрей ПогосовПервенство Республики Абхазия по Дзюдо
Первенство Республики Абхазия по Дзюдо  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2021
Анапаҵаҩра
Адзиудо азы аԥхьахәгара мҩаԥысит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрреи, Абокси, аиқәԥареи, атлетика ласи рзы Ареспубликатә спорттә школи, Аԥсны Адзиудо азы афедерациеи рнапаҵаҟа.

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik. Аҟәа рашәара 5 рзы имҩаԥысит 2004-2006 рзы ииз арԥарцәа рыбжьара адзиудо азы Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥхьахәгара, абри атәы ааицҳаит Адзиудои асамбои рзы Афедерациа ахада Андреи Погосов.

Иара иазгәеиҭеит иҳаҩсыз шықәсыки бжаки раахыс ари аилабра адзиудо азы раԥхьатәи спорттә усмҩаԥгатәыс ишыҟалаз.

"Аҟәа, Гагра, Очамчыра, Афон ҿыц, Тҟәарчал ақалақьқәа, Аҟәа араион рҟынтәи иреиӷьӡоу аспортсменцәа жәҩык алахәын акомандатә аԥхьахәгараъы (еижәыларала)", - иҳәеит Погосов.

Аиндаҭлара ӷәӷәаны имҩаԥысуан, аха аҵыхәтәаны афинал ахь инеит Аҟәеи Гагреи ркомандақәа, уаҟа 5:4 ҳәа аиаара ргеит аҟәатәи адзиудоистцәа, гаграа аҩбатәи аҭыԥ ргеит, ахԥатәи аҭыԥ - афонаа, очамчыраа - аԥшьбатәи.

Уажәшьҭа аспортсменцәа ҿарацәа Жәларбжьаратәи аицлабра "Аԥсны Ахраҿа" иазыԥшуп, уи мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 2-5 рзы Аҟәа.

Арҭ аицлабрақәа раан еиндаҭлараны иҟоуп 2004-2006, 2007-2008, 2009-2010 шш. рзы ииз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0