Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ацәеижьҿагылақәа рыҭара ахьалшо атәы рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация в Абхазии
Вакцинация в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" рзыҟаҵара иалагеит лаҵарамза 11 рзы. Зынӡа Аԥсныҟа иааган 6500 доза алаҵа.

АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Атәылауаа риммунтә статус аилкааразы рашәара 7 аахыс ареспубликаҿы аусура иалагеит аԥсуа-аурыс программа ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Аусбарҭа апресс-маҵзура адыррала ацәеижьҿагылақәа рышьақәыргыларазы анализқәа рыҭара ҟалоит:

  • араионтә поликлиника – Аҟәа, Абазақәа рымҩа
  • ақалақьтә поликлиника №3 афилиал – Синоп
  • ахәыҷтәы поликлиника - 1 - 15 шықәса зхыҵуа рзы
  • араионтә хәышәтәырҭақәа – Гал, Очамчыра, Тҟәарчал, Гәылрыԥшь
  • асанитар-епидемиологиатә маҵзура – Гагра араион
  • Гәдоуҭа араион аҿы аус ауеит амобилтә бригада.

Атәылауаҩ ииммуннтә статус аилкаара ишьақәнаргылоит Аԥсны бжьаратәла COVID-19 ахь ацәеижьҿагыла рымоу. Зынӡа хнызқь анализ мҩаԥгахоит.

Анализқәа хәыда-ԥсадоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0