Апарламент ахашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан ариашарақәа аднакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Анапаҵаҩра
Апарламент ахашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан ариашарақәа аднакылеит актәи аԥхьарала хәажәкырамза анҵәамҭазы.

АҞӘА, рашәара 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апарламент адепутатцәа "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа рыдыркылеит иахьа, рашәара 9 азы.

Азакәан апроект рыдызгалаз адепутат Гиви Кәарҷиа иҳәеит азакәан амчра шаиуа 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны.

"Адокумент зегьы ирдыруеит, аилак аилатәарақәа ҩба мҩаԥысхьеит. Азин асубиектқәа, азакәанԥҵаратә аԥшьгамҭақәа зегьы азыԥхьагәаҳҭеит. Азакәан аҳәынҭмаҵзуразы азакәан иадҳәаламхарц азы атермин "аҳәынҭқарратә маҵзурауаҩ" алаҳхит, декларантцәаны инҳажьит адепутатцәеи амаҵзурауааи", - иҳәоит Кәарҷиа.

Хәажәкыра анҵәамҭазы актәи аԥхьарала адепутатцәа азакәан ахь арҽеирақәа рыдыркылеит.

Ариашара хадақәа ирыҵаркуеит "адекларант иҭаацәа ахаҭарнакцәа" акатегориахь иаҵанакуа ахаҿқәа: ачынуаа рхаҭақәа рыдагьы урҭ рыҳәса/рхацәа, зықәра намӡац/зықәра наӡахьоу рыхшара, рашьцәа/раҳәшьцәа.

Аха анаҩс ари асиа иалхын "зықәра наӡоу адекларантцәа рыхшара". Ари иақәшаҳаҭым аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа.

Парламент Абхазии проголосовал за принятие проекта  закона Об исполнении республиканского бюджета за 2020 год в первом чтении.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Апарламент аҿы 2020 шықәсазтәи абиуџьет анагӡара актәи аԥхьарала ирыдыркылеит

Мшаԥымза анҵәамҭазы ахада Иусбарҭа азакәан апроект ишаднагалаз ариашара ҿыцқәа.

Ахада Иусбарҭа азхьаԥшра анаҭеит азакәан аредакциа ишазыԥхьагәанаҭо аилкаара "аҳәынҭқарратә маҵзуҩы", аха аҳәынҭқарратә маҵзурауаа зегьы маҵзуратә хаҿқәаны ишшьо, урҭ реиҩдыраара ари аредакциа ишалнамыршо.

Апарламент адепутатцәа "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь ариашарақәа рыдыркылеит актәи аԥхьарала хәажәкыра 31 азы. Апарламент адепутатцәа ари азакәан ахь ариашарақәа аларымгалеит хәажәкыра 12 рзы имҩаԥысуаз аилатәараҿы.

Азакәан инақәыршәаны ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы, аусбарҭа асаит аҿы иӡыргазарц. Убри аан ачынуаҩ имаҵзура данахагыла ашьҭахь, 30 мшы рыҩнуҵҟа адекларациа хаирҭәаароуп. Уи адагьы, аԥсахрақәа мҩаԥгоуп ахәҭаҷ 6 актәи ахәҭаҿы. Уи инақәыршәаны ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы. Ариашарақәа инарықәыршәаны адекларациақәа рдыррақәа аофициалтә саитқәа рҟны икьыԥхьхоит, АИХқәа ирзынарышьҭуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0