Аӡбарҭа Урыстәыла атәылауаҩ анаркотикқәа ахьиҭиуаз азы иганахь азыӡба аднакылеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИзбрание меры пресечения И. Гаврикову, попавшему в ДТП с автобусами военных
Избрание меры пресечения И. Гаврикову, попавшему в ДТП с автобусами военных - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылауаҩ Герман Телегин хәажәкыра 23 азы даанкылан. Идбалан 180,5 грамм аметадон.

АҞӘА,рашәара 11 - Sputnik. Галтәи араионтә ӡбарҭа рашәара 9 2021 шықәсазы азыӡба аднакылеит Урыстәыла атәылауаҩ Герман Телегин иганахьала. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Телегин 2015 шықәсеи 2018 шықәсеи рзы ииз ҩыџьа ахәыҷқәа ахьимаз азы ихара ырԥсыҽны 15 шықәса ҭакрала ихигарц аӡбамҭа рыдыркылеит.

Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Урыстәыла атәылауаҩ анаркотикқәа рыҭиразы Аԥсны иус рыӡбоит

Уи адагьы аҳәынҭқарра ахьӡала миллион мааҭ ахараԥса ишәароуп. Ацәгьа аураан ихы иаирхәоз автомашьына имхны аҳәынҭқарра иаҭахоит.

Аҳәынҭқарратә харадҵаҩ – Апрокуратура хада ахаҭарнак ипозициагьы аӡбарҭа аӡбамҭа иақәшәоит.

Телегин 2021 шықәса хәажәкыра 23 рзы дааныркылеит УКОНи СОБРи русзуҩцәа Гал араион аҿы. Убри аан идырбалеит 191 еилаҳәара – 88,971 грамм аметадон.

Имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны амилициа аусзуҩцәа аҭираз ирхиаз даҽа 190 еилаҳәара имырхит (87,546 грамм). Иааидкыланы Телегин 180,684 грамм аметодон имхын.

Ажәабжьқәа зегьы
0