Пицунда атуристцәа иреихсуаз ауаҩы ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп

© Sputnik / Бадрак Авидзба Суд над Дмитрием Пилия в Гулрыпшском госпитале
Суд над Дмитрием Пилия в Гулрыпшском госпитале - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Анапаҵаҩра
Ахысра ҟазҵаз Дмитри Ԥлиа ихаҭа ибрыз ахы иаахеит. Уажәы иара Гәылрыԥшьтәи ахәышәтәырҭа дҭоуп.

ГӘЫЛРЫԤШЬ, рашәара 17 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Дмитри Ԥлиа ҩымз дырбаандаҩызарц аӡбамҭа аднакылеит ҳәа лҳәоит Апрокуратура хада ахаҭарнак Нина Надареишвили.

Ахысра ҟазҵаз ихаҭа ибрыз ахы иаахеит. Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿ аоперациа изыҟарҵеит. Уажәы иара Гәылрыԥшьтәи агоспиталь дҭоуп.

Иҭагылазаашьа иахҟьаны аӡбарҭа азал ахь дахьзымнеиуаз азы аӡбарҭатә еилатәара мҩаԥган Гәылрыԥшьтәи агоспиталь аҿы.

© Sputnik / Бадрак Авидзба Ԥлиа Д. В. Иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны изымҩаԥгаз аоперациа ашьҭахь аӡбарҭа азал ахь дахьзымнеиуаз азы аӡбарҭатә еилатәара мҩаԥган Гәылрыԥшьтәи агоспиталь аҿы.
Пицунда атуристцәа иреихсуаз ауаҩы ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Ԥлиа Д. В. Иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны изымҩаԥгаз аоперациа ашьҭахь аӡбарҭа азал ахь дахьзымнеиуаз азы аӡбарҭатә еилатәара мҩаԥган Гәылрыԥшьтәи агоспиталь аҿы.

Надареишвили иара убасгьы илҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы ишышьҭоу Ԥлиа иганахьала даҽа уск – закәаншьаҭада абџьар амазаареи аныҟәгареи рзы.

Архивное фото уголовного дела - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Пицунда аԥсшьаҩцәа ҩыџьа зхәыз ахаҵа иганахьала ашьаус хацыркуп

Уи азинеилагара аҭыԥ аман 2021 шықәса лаҵарамзазы. Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны ацәгьоура ҟазҵаз даҽазнык иҟаиҵаз ацәгьоура актәи иадҳәалазарц азы ашьаус аргьежьра азин ахьыҟанаҵо инақәыршәаны, арҭ аусқәа рыҩбагьы еицҵаны иус рыӡбарц азыҳәа ҟанаҵеит аҳәынҭқарратә харадҵаҩ.

"Аҟәа ақалақь аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит Апрокурор хада ашьаус еиҭеизырхынҳәызарц Гагратәи РОВД аҿы ишьҭоу ашьауси иареи реицҵаразы Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа иганахьала абџьар закәаншьаҭада аныҟәгара, гәҭакрыла ауаа ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ааха рыҭара", - ҳәа лҳәоит Апрокуратура хада ахаҭарнак.

Работа скорой помощи в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Пицунда ахысраан ахы зықәшәаз атурист иҟалаз шыҟалаз еиҭеиҳәеит

Аамҭак ала аӡбарҭа уаанӡа Ԥлиа Дмитри иганахьала иаднакылахьаз атәыла алымҵразы анапаҵаҩра аԥнахит.

Ацәгьоура ҟалеит апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы.

Урыстәыла атәылауаа Филоиан А. А., Салимгариев Т. Н., Ԥлиа ажәақәа анеимарк ашьҭахь, иара аԥсшьаҩцәа дреихсит. Ахәрақәа зауыз аԥхьанатә Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит.

Тимур Салимгариев иажәақәа рыла егьи ахәрақәа зауыз иҩыза ареанимациаҿ дышьҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0