Алаборатортә усура: РУСДРАМ аҿы апроект ҿыц аус адулара иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛабораторная работа в РУСДРАМе
Лабораторная работа в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2021
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ аҿы арежиссиортә лабораториа "Сандро" аус адулара иалагеит Фазиль Искандер ифестиваль "Ауаҩ игыларҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Афестиваль алахәхаразы иааԥхьоуп ԥшьҩык арежиссиорцәа, ГИТИСи Шьчукинтәи аҵараиурҭеи роушьҭымҭацәа: Андреи Маник, Роман Лыков, Ленара Гадельшина (ГИТИС), Антон Корнилов (Шьчукинтәи аҵараиурҭа).

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Арежиссиорцәа рабадырра

Атеатр адиректор Иракли Хынҭәба иазгәеиҭеит апроект арежиссиорцәа реиԥш актиорцәа рызгьы аинтерес шаҵоу, избанзар Урыстәыла џьаргьы иқәдыргылом аспектакльқәа Искандер ирҿиамҭақәа рыла ҳәа.

РУСДРАм открыл свои двери зрителям после карантина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
VII афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аадыртуеит арежиссиортә лабораториа ала

"Иахьа Урыстәыла џьаргьы иқәдыргылом аспектакльқәа Искандер ирҿиамҭақәа рыла. Ҳара аспектакль аназҳархио иара ихьӡи ирҿиамҭақәеи рыларҵәарагьы мҩаԥаагоит. Абри аганахьала ари апроект аҵакы дууп. Аинтерес ҳамоуп урыстәылатәи арежиссура қәыԥш Искандер дшеилыркаауа", - иҳәоит Хынҭәба.

Арежиссиорцәа иалырхит "Сандро Чегьемтәи" ахқәа ԥшьба: Харлампои Деспинеи", "Ҳабыгә игәыжь ажәабжь", "Ахәмарыҩцәа" , "Ахаҵа –афырхы ма Чегьемтәи апушкиндырыҩ" .

Аусумҭақәа дырбахоит рашәара 21 рзы.

ГИТИС аушьҭымҭа Ленара Гадельшина иалылхит ажәабжь "Ахәмарыҩцәа".

"Акаҳуажәырҭа атмосфера сыхнахит, дысгәаԥхеит акаҳуа иаԥшуа Даша. Аинтерес сызлыҵоуп аҩны егьырҭ аҳәсақәа ндәылцаны зхаҭарала зегь зымҽхазкыз аԥҳәыс", - ҳәа лҳәоит лара.

Арежиссиор лажәақәа рыла, гәахәарыла илыдылкылеит арҿиаратә лабораториа алахәраз ааԥхьара ахьлоуз, Аԥсныҟа дахьааз, атеатр ахьылдырыз.

"Фазиль Искандер – аус зыдулара алымшо авторуп. Сара Искандер ихьӡ здыруан, саныхәыҷыз афильм "Чик ихәыҷра" сахәаԥшхьан. Уажәы ироманқәа рыдагьы ипублицистикагь саԥхьеит. Иагьеилыскааит ишәыҟәҩыра адагьы дышхәыцҩыз, дышфилософыз", - ҳәа лҳәоит лара.

Иарбанзаалак ароль хазыноуп

Ленара лгәаанагарала, "алаборатортә" режим иагугьы ыҟоуп, иацугьы ыҟоуп.

"Ирццакны, стахановтә ҟазшьала аусура бзиа избоит, аха зны-зынла артистцәа рабадырразы, реилкааразы аамҭа аҭахуп. Иҟоуп ашәарҭара аӡә дуцәыбжьахар ҳәа", - лҳәоит лара.

Арежиссиорцәеи дареи реибадырра ашьҭахь актиорцәа иразҵааит рольс инарыгӡарц ирҭаху азы. Аӡӷабцәа ирҳәеит Даша ма Деспина рроль ахәмарра шырҭаху, Џьамбул Жорданиа аескиз "Ҳабыгә игәыжь ажәабжь" далахәхарц иҭахуп.

Актиор Рубен Депелиан уаанӡа арҿиаратә лабораториа дзалахәымхеит, уажәы иарбанзаалак  аексперимент дазыхиоуп.

"Иарбанзаалак ароль анагӡара бзиа иубоит, аинтерес аҵаны иҟауҵоит. Ихадароу - апроцесс ахаҭа аҭаххароуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2021
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа "Ауаҩы игыларҭа" абыжьбатәи афестиваль иазкны

Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, апоет, афилософ Фазиль Искандер икультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" 2021 шықәсазы ҩ-етапкны имҩаԥгахоит: рашәарамзеи жьҭаарамзеи рзы.

VII афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аадыртуеит рашәара 21 рзы Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы. Атеатр иазнархиоит ароман "Сандро Чегьемтәи" ала арежиссиортә лабораториа, уи аан иааԥхьоу арежиссиорцәа иддырбоит ԥхьаҟа иқәдыргылараны иҟоу аспектакль зеиԥшрахар ауа.

Афестиваль аҩбатәи аетап жьҭаарамзазы имҩаԥгахоит. Иара апрограмма иалоуп Строганов ихьӡ зху МГХПА астудентцәеи аушьҭымҭацәеи рыбжьара Искандер ирҿиамҭақәа рыла имҩаԥгаз аицлабра аиааиҩцәа риуллистрациақәа рцәыргақәҵа; Аԥсны Амилаҭтә банк Фазиль Искандер 90 шықәса ихыҵра иазкны иҭнажьыз агәалашәаратә монетақәа рцәыргақәҵа.

Уи адагьы жьҭаарамзазы Акультура аминистрреи Аҟәатәи ақәыԥшцәа Рыҩни еицымҩаԥыргоит есышықәсатәи ахәыҷқәа рыбжьара асахьаҭыхратә конкурс "Аҳа иалху ашәырӡ".

Sputnik Аԥсны афестиваль информациатә партниорны иқәгылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0