Ахалаҟаҵаратә тәылауаҩшәҟә ала аҳәаа ахысра зҽазызшәоз даанкылоуп

© SputnikГраница на реке Псоу
Граница на реке Псоу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2021
Анапаҵаҩра
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" даанкылан иԥаршеиу ашәҟәқәа рыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра згәы иҭаз азинеилагаҩ.

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Ахалаҟаҵаратә тәылауаҩшәҟә ала аҳәаа ахысра зҽазызшәоз даанкылоуп, ашьаусҭҵаара хацыркуп. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Ахаҵа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" даанкылан Урыстәылантә Аԥсныҟа даналалоз. Иара документк аҳасаб ала ицәыригеит Ареспублика Беларус атәылауаҩ ишәҟәы ԥаршеи.

Аекспертцәа ишьақәдыргылеит адокумент асканери аԥшшәы змоу апринтери рыла ишыҟаҵаз.

Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа "Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахаҭара шьақәзыргыло адокумент иашақәа рыда ахысраз аҽазышәараз" аусҭҵаара хацнаркит.

Азинеилагаҩ, закәаншьаҭада аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа 200 нызқь мааҭ ахараԥса иқәырҵоит, ма ҩышықәса рҟынӡа мчылатәи аусура идырҵоит, ма иара убри аамҭала ҭакрала ихиргароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0