Аԥсны АҶА аӡхәыҵалаҩцәа Гагра амшын иагаз атурист иԥшаара иацырҵоит

© Sputnik / Марианна КубраваМЧС_РА очистка дна побережья
МЧС_РА очистка дна побережья - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылауаҩ Нестеров Михаил Николаи-иԥа Гагра ақалақь иахьаҵанакуа амшын аҿы дӡааҟәрылеит рашәара 17 рзы.

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Аԥсны АҶА аӡхәыҵалаҩцәа Гагра амшын иагаз атурист иԥшаара иацырҵеит рашәара 19 шьыжьнаҵы, абри атәы аанацҳауеит аиқәырхаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Урыстәыла атәылауаҩ Нестеров Михаил Николаи-иԥа Гагра ақалақь иахьаҵанакуа амшын аҿы дӡааҟәрылеит рашәара 17 рзы.

Амшын ацәгәырԥа ӷәӷәеи  ахәашьреи ирыхҟьаны аӡхәыҵалаҩцәа рыԥшаарақәа макьана илыҵшәадоуп, абас азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Сынтәа амшынҭалара аартын рашәара 5 рзы. Аҟәарақәа ррыцқьара иалагеит мызкы шыбжьаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0