Урыстәылатәи аруаа Амшын еиқәа аҵакыраҿы "аӷа" аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа карыжьит

© Foto / пресс-служба ЮВОВ Абхазии военнослужащие ЮВО обезвредили беспилотников
В Абхазии военнослужащие ЮВО обезвредили беспилотников  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык аруааи 150 ак арратә техникеи.

АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Арадиоелектронтә ҿагылара аҟәшақәа рҟазауааи аҳауаҿагыларатә хьчара аҟазауааи, Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруааи аԥырҩы дызҭам "аӷа" ихархәагақәа Амшын еиқәа аҵакыраҿы икарыжьит. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Ахархәагақәа ҭархан арадиоелектронтә шьаҽра акомплексқәеи астанциақәеи, аппаратқәа "Житель", "Красуха" назлоу рыла иҭархан.

Арадиолокациатә ҟәшақәа рыруаа ахархәагақәа ԥшааны аҳауаҿагыларатә хьчара аҭыԥқәа рахь адыррақәа нарышьҭит.

Анаҩс адронқәа дистанциа ҟазшьала азенит-ракетатә комплексқәа "Стрела-10" ала аракетақәа нашьҭны "аӷа" дҭадырхеит Амшын еиқәа аҵакыраҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0