Амҩа Апатрультә Усбарҭа "Ԥсоу" агәаҭара ашьҭахь иадыркит

© Sputnik / Томас ТхайцукСотрудник ДПС за работой
Сотрудник ДПС за работой - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Анапаҵаҩра
Амҩа апатрультә усбарҭа "Ԥсоу" агәаҭараан иаарԥшын Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә етика Азакәанеидкылеи Алеишәатә ԥҟаԥҵәеи аԥҟарақәа шеиларгоз.

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар идҵала Амҩа апатрультә усбарҭа "Ԥсоу" адыркит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Аҟәша аусура агәаҭара иахыжьын, изныкымкәа рганахь ала иҟаҵаз ашшрақәа рҵаҵӷәала, аҳәоит адырраҭараҿы.

Амҩа апатрультә усбарҭа "Ԥсоу" агәаҭараан иаарԥшын Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә етика Азакәанеидкылеи Алеишәатә ԥҟаԥҵәеи аԥҟарақәа шеиларгоз. Аушьҭырҭатә ҭыԥ аусзуҩцәа рганахь ала ауснагӡатәқәа рыдкылоуп.

Дмитри Дбар Цандрыԥшьтәи амилициа рнапы ианиҵеит, аҳәаа иаԥну аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы ауаажәларратә зинеиҿкаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0