Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аԥареи абџьари рконтрабанда аԥырҟәҟәаауп

© Foto / пресс - служба Краснодарской таможни На российско-абхазской границе пресечена контрабанда наличных денежных средств, оружия, боеприпасов
На российско-абхазской границе пресечена контрабанда наличных денежных средств, оружия, боеприпасов - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Анапаҵаҩра
Азинеилагаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп азакәан ахәҭаҷ "Аԥареи (ма) аԥаратә маҭәахәқәеи рконтрабандаз" ала.

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ закәаншьаҭада иҽазишәон Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аԥара, абџьар, аџьаԥҳаны аиагара, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә Шәача ақалақь аҳазалхратә маҵзура.

Ахаҵа даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" автомашьынатә ҳазалхратә цәаҳәаҟны автомашьына Volkswagen Amarok ала даниасуаз.

"Аҳазалхратә гәаҭара ахысраан ҿырҳәалатә ҭҵаараан ашәҟәы иҭагалатәу атауар амазаареи амамзаареи рзы азҵаара аҭакс иҳәеит усеиԥш акгьы шимам", - аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Автомашьына агәаҭара мҩаԥган амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала.

Агәаҭараан аԥхьатәи апассаџьыртә тәарҭаҿ аҳазалхыҩцәа ирыԥшааит 4,05 миллион мааҭ, ашьҭахьтәи атәарҭаҿы – ашәақь "Саига", аҳәызба, иара убасгьы ирбеит 28 ҭоԥ зҭаз ахқәа. Абџьари аџьаԥҳани рымҩангара азин Аҩныҵҟатәи аусбарҭақәа рҟынтәи имамызт.

© Foto / пресс - служба Краснодарской таможни Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аԥареи абџьари рконтрабанда аԥырҟәҟәаауп
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аԥареи абџьари рконтрабанда аԥырҟәҟәаауп - Sputnik Аҧсны
1/2
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аԥареи абџьари рконтрабанда аԥырҟәҟәаауп
© Foto / пресс - служба Краснодарской таможни Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аԥареи абџьари рконтрабанда аԥырҟәҟәаауп
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аԥареи абџьари рконтрабанда аԥырҟәҟәаауп - Sputnik Аҧсны
2/2
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аԥареи абџьари рконтрабанда аԥырҟәҟәаауп
1/2
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аԥареи абџьари рконтрабанда аԥырҟәҟәаауп
2/2
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аԥареи абџьари рконтрабанда аԥырҟәҟәаауп

Азакәан инақәыршәаны аԥареи (ма) амҩатә акассабӷьыц ЕАА 10 нызқь доллар (авалиута акурс иақәшәо) иреиҳау, аамҭакала атәыла алагалара/алгара аан аԥареи амҩатә акассабӷьыц ҩыратә формала аҳазалхратә декларациа иахыжьтәуп.

Азин еилазгаз ахаҿы аԥара имхын. Уажәы ирыӡбоит УА АЗ ахәҭаҷ 200.1 ахәҭа 1 инақәыршәаны (анапынҵатә ԥареи (ма) аԥаратә хархәагақәеи рконтрабанда) ашьаус ахацыркра азҵаара.

Ари азакәан ахәҭаҷ ала асанкциа иазыԥхьагәанаҭоит иахырго аԥара хынтә инаркны жәантә рҟынӡа еиҳаны ахараԥса ашәара мамзаргьы ҩышықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдатәра, ма ҩышықәсатәи аҿҳәарала аусурақәа хәыдаԥсада рымҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0