"Амцахареи" "Аиҭаиреи" аполитикатә еидгыла аԥырҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСъезд партии "Амцахара"
Съезд партии Амцахара - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Анапаҵаҩра
Амчра иадгылоу аполитикатә партиақәа "Амцахареи" "Аиҭаиреи" аидгыла аԥҵара рыгәҭакуп.

АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik. Аполитикатә партиақәа "Амцахареи" "Аиҭаиреи" еизааигәоуп, иахьатәи амчра иадгылаҩцәоуп, Аслан Бжьаниа ахада иҿы аус зуло Ауаажәларратә хеилак аԥҵара иақәшаҳаҭуп. Убри азы иӡбоуп арҭ аҩпартиак реидгыла аԥҵара ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аполитикатә партиа "Амцахара" анапхгаҩы Лиосик Цыгәба.

Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Цыгәбеи Адлеибеи аполитикатә партиақәа рхеилак аԥҵара атәы

Иара иажәақәа рыла, ауаажәларра ахықәкы хадас ирымоу ареспублика аҿиара алыршаразы, уи акәша-мыкәша аҽеидкыларазы ахада иҟаиҵаз аԥшьгамҭа – Ауаажәларратә хеилак аԥҵара актуалуп.

"Аӡәгьы изы имаӡаӡам ҳаиҿкаарақәа ахада иалхрақәа раан Аслан Бжьаниа ишидгылоз. Алхрақәа рышьҭахьгьы ҳҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа аӡбара рҭахуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Атәыла аҿаԥхьа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбара хықәкыс иманы ахада Ауаажәларратә хеилак аԥҵара аҭахуп ҳәа ишьаны ажәалагала ҟаиҵеит, актуалтә проблемақәа адәахьы акәымкәа ҭаацәашәала, диалогла иӡбахаларцаз иҳәеит Цыгәба.

Аполитикатә партиа "Аиҭаира" акәзаргьы, позициала ирзааигәоу еиҿкаароуп. Апартиа "Амцахара" апрезидиум ахантәаҩы Заур Адлеиба иазгәеиҭеит атәыла аҩнуҵҟа аибарххара атәыла аҿиара ишаныԥшуа.

Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2021
Арадио
Гәынба ауаажәларратә хеилак аԥҵаразы: ажәлар иргәаԥхарцаз акәӡам, алҵшәа аиур ҳҭахуп

"Атәыла аҩнуҵҟа иаӡәыкымкәа ианыҟоу аҳәынҭқарра акыр иаԥырхагоуп, еиҳарак ҳара ҳаиԥш зхыԥхьаӡара маҷу аҳәынҭқарраҿы", - ҳәа иҳәеит иара.

Адлеиба иажәақәа рыла, ареспубликаҿы агәаанагара рацәа ахьыҟоу ахьыбзиоугьы ыҟоуп, аха убри аан ихарҟьацәажәазар, аҭагылазаашьа шьақәнаҟьар алшоит. Иара ишиҳәо ала, аполитикатә гәаанагара иахьмырԥшкәа аӡәгьы атәыла аҵшәаара азин имам.

"Ҳара зегьы еилаҳкаауазароуп иҟоу амчра ҳадгылоу ҳадымгылоу иахьмырԥшкәа, атәыла аҿиара ҳаҿамгылар шакәу", - ҳәа иҳәеит иара.

Аполитикатә партиа "Аиҭаира" аполитсовет рашәара 18 азы инарҭбаау аилатәара мҩаԥнагеит. Аиԥылараҿы ирылацәажәан ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа азҵаарақәа. Алахәылацәа зегьы еицҿакрыла иақәшаҳаҭхеит апартиа "Амцахареи" дареи реидылара. Иара убасгьы ирылацәажәеит 2022 шықәсазы иҟалараны иҟоуп Апарламент ахь алхрақәа рҟны акандидатцәа рсиақәа реиҿкаара.

Рашәара 22 азы апартиа "Амцахара" апрезидиум еилацәажәеит "Аиҭаиреи" дареи реидҵара азҵааразы.

Брифинг оппозиции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Аԥсны аоппозициатә мчқәа реидгыла акриминогентә ҭагылазаашьа иалацәажәеит

Аиԥылара алахәылацәа ахада иаԥшьгамҭа ишадгылоз рҳәеит аконструктивтә диалог амҩаԥгаразы, агәаанагарақәа реимдаразы, аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии институтқәа рырҿиаразы.

"Ауаажәларраҿ амчреи аоппозициеи рдиалог иазыԥшуп, ирҭахуп атәыла аҩнуҵҟа аҭышәынтәалара", - ҳәа азгәарҭеит дара.

Аидгыла аԥҵара иахықәкы хаданы иҟоуп аконструктивтә мчрақәа рконсолидациа, Аконституциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаажәларра-политикатә ҭышәынтәалара, ицәырҵуа азҵаарақәа ҭынчмҩала рыӡбра. Абри азы апартиа "Амцахара" апрезидиум аӡбара аднакылеит аусеицура мҩаԥгалазарц.

"Амцахареи" "Аиҭаиреи" хара имгакәа аиқәшаҳаҭра анагӡаразы ршьаҿақәа ирылацәажәараны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0