Аԥхынтәи аԥсшьаразы иреиӷьу аҭыԥқәа Аԥсны рыҵанакит

© Sputnik / Акоп Кущян Вид на Сухум
Вид на Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны атуристцәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа зегь ҭәуп, заанаҵтәи аҿаҵарақәа шә-процентк инаӡоит ҳәа азгәарҭоит Атуризм аминистрраҿы.

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Амаҵзура TVIL.RU асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыбжьара имҩаԥыргаз азҵаара-ҭҵаарақәа инарықәыршәаны иалнакааит аԥсшьараз еиҳа иргәаԥханы иалырхуа аҭыԥқәа.

Изазҵааз реиҳараҩык Ҟрым алырхит. Аҩбатәи аҭыԥ еихыршеит Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи – 14%. Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Алтаитәи атәылаҿацәи ареспублика Алтаии – 7%.

Аԥхын аԥсшьараз иреиӷьу аҭыԥқәа жәаба:

  • Ҟрым, 46%
  • Краснодартәи атәылаҿацә, 14%
  • Аԥсны, 14%
  • Алтаи, 7%
  • Кавказтәи Аминералтә ӡқәа, 6%
  • Нхыҵ Кавказ, 4%
  • Башкириа, 4%
  • Калининградтәи аобласт, 2%
  • Свердловсктәи аобласт, 2%
  • Даӷьсҭан, 1%

* TVIL.RU асоциалтә ҳақәа рҟны имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа рыла

Аԥсны атуристцәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа зегь ҭәуп, заанаҵтәи аҿаҵарақәа шә-процентк инаӡоит. Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭаахьеит 150 нызқьҩык, Афон ҿыцтәи аҳаԥы – 100 нызқьҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0