Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит

© Sputnik / Марианна Кубрава День молодежи отметили концертом на набережной Сухума
День молодежи отметили концертом на набережной Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 27 азы Урыстәыла иазгәарҭоит Аҿар Рымш. Аныҳәа аҭоурых хацыркын 1958 шықәсазы СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала – "Асовет ҿар Рымш" ҳәа.

АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Москватәи акультура-усутә центр "Москва Аҩны" еиҿнакааз аконцерт мҩаԥган Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Адраматә театр ашҭаҿы.

Аныҳәатә уснагӡатә аартуа, амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа иазгәеиҭеит иахьатәи Аԥсны аҭоурых Урыстәыла аҭоурых иузаҟәымҭхо ишыҟоу.

"Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь аԥсуа ҿар рзы алшарақәа акыр ирыцлеит. Ҳҿар ироуит алшара иреиӷьӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аҵараҵара, иреиӷьӡоу акомандақәа ирылахәны ақәгылара, Урыстәыла аҳәынҭқарратә еилазаарақәа рҿы рдырра ацҵара. Уаҵәтәи ҳԥеиԥш Урыстәыла аҩызак аҳасаб алоуп ишаабо", - ҳәа иҳәеит иара.

Аҳәынҭқаррақәа рыҩба ргәылеимабзиареи реиҩызареи ирҟазшьаны ашәа "С тобой, Россия" ала аконцерт аалыртит аԥсуа шәаҳәаҩы, артистка Мана. Аԥсуа драмтеатр аҿаԥхьа ирацәан аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш асасцәагьы.

© Sputnik / Марианна Кубрава Ашәа "С тобой, Россия" ала аконцерт аалыртит аԥсуа шәаҳәаҩы, артистка Мана.
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2021
Ашәа "С тобой, Россия" ала аконцерт аалыртит аԥсуа шәаҳәаҩы, артистка Мана.

"Ара сҩызцәеи сареи ԥсшьара ҳаҟоуп. Иааҳакәыршаны иаабо аԥшӡара адагьы агәахәара ҳамоуп абри аҩыза аконцерт аабартә алшара ахьҳауз", - ҳәа лҳәоит Нижни Новгород аҟынтәи атуристка Наталиа.

Аконцерт иалахәын еицырдыруа аԥсуа естрада, акәашаратә коллективқәа рхаҭарнакцәа.

© Sputnik / Марианна Кубрава Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
1/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
© Sputnik / Марианна Кубрава Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
2/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
© Sputnik / Марианна Кубрава Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
3/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
© Sputnik / Марианна Кубрава Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
4/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
© Sputnik / Марианна Кубрава Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
5/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
© Sputnik / Марианна Кубрава Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
6/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
© Sputnik / Марианна Кубрава Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
7/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
1/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
2/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
3/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
4/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
5/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
6/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит
7/7
Аҿар Рымш Аҟәа концертла иазгәарҭеит

Москватәи акультура-усутә центр "Москва Аҩны" адиректор хада Александр Бигәаа Sputnik аинтервиу аҭо, аколлектив рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Аԥсны аҿар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, ашәҭыкакаҷра.

Ауснагӡатә еиҿнакааит Москватәи акультура-усутә центр "Москва Аҩны" Москва аиҳабыра рфинанстә цхыраарала, иара убасгьы Аԥсны акультура аминистрреи Аҟәа ақалақь ахадареи рыдгыларала.

Ажәабжьқәа зегьы
0