Аԥсны аковидҿагыларатә усқәа рӷәӷәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аӡбра шьаҭас иҟаҵаны аусдҵа идикылеит.

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аковидҿагыларатә усқәа рырӷәӷәаразы аусдҵа инапы аҵеиҩит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Адокумент инақәыршәаны ԥхынгәы 5, 2021 шықәса инаркны рзин ҟаҵам ачарақәа, аныҳәақәа, аԥсхәратәи егьырҭ ауснагӡатәқәеи иарку ауаажәларратә крыфарачаратә хыбрақәа рҿы.

Рашәарамза инаркны Аԥсны коронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара иацло иалагеит, ахәышәтәырҭақәа ирыдҵаало рацәахеит.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 17197-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15438-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 245-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0