Азинмчратә усбарҭақәа аилацәажәара рыман Қьамал Арӡынба ишьразы аусҭҵаара шцо азы

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2021
Анапаҵаҩра
Қьамал Арӡынба дыршьит лаҵара 18 рзы Аҟәа. Имҩаԥгаз ашьаусԥшаара-оперативтә усурақәа ирыбзоураны лаҵара 19 рзы даанкылан Қьамал Арӡынба ишьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу Баҭал Ԥлиа. Иара ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 2- Sputnik. Қьамал Арӡынба ишьразы аусҭҵаара шцо азы аоперативтә еилацәажәара мҩаԥган Апрокуратура хадаҿы. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2021
Аслан Бжьаниа Аҟәа иршьыз Қьамал Арӡынба иуацәа дырԥылеит

Аилацәажәара иалахәын Аҟәа ақалақь апрокуратура аусҭҵааратә гәыԥ, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аоперативтә усзуҩцәа, Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ахаҭарнакцәа.

Аихшьалақәа рыла иҳәаақәҵан ԥхьаҟатәи аусура ацашьа, досу ирыҭан анапынҵақәа.

Қьамал Арӡынба дыршьит лаҵара 18 рзы Аҟәа. Уи ашьҭахь ауаҩшьра ҟазҵаз ацәгьоуҩы иаанкыларазы аплан рылҳәан.

Аԥсны ААР адыррақәа рыла, лаҵарамза 18, асааҭ 17:10 рзы идырым ҩыџьа ахаҿқәа Имам Шамиль имҩа аҩны №6 ахыб ахь ихалеит, уи аҭыԥ аҟынтә Абырба имҩаҟны игылоу ахатәы ҩны ашҭа иҭаԥшуан, амардуан аҟынтәи адәахьы идәылҵыз Қьамал Арӡынба иганахьала хынтә иреиҵамкәа абџьар ҭдырҟьеит. Ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҟнытәи ацәгьоуцәа амашьына "Toyota Mark X" ала ибналеит. Уи аҽныҵәҟьа ашьаус-оперативтә уснагӡатәқәа ирыбзоураны Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан амашьына былны иԥшаан.

Имҩаԥгаз ашьаусԥшаара-оперативтә усурақәа ирыбзоураны лаҵара 19, асааҭ 20:00 рзы даанкылан Қьамал Арӡынба ишьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу Баҭал Ԥлиа. Иара ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0