Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраҿы ицхыраауеит

© Foto / Министерство Обороны РА Военнослужащие Министерства обороны принимают участие в ликвидации последствий стихии
Военнослужащие Министерства обороны принимают участие в ликвидации последствий стихии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы Аҟәа ақалақь ахадараҿы иаԥҵоуп аоперативтә штаб. Уи напхгара аиҭоит аҳҭнықалақь аиҳабы Беслан Ешба.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраҿы ицхыраауеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Ақалақьтә усбарҭақәеи, АҶА аусзуҩцәеи, аррамаҵзурауааи еицхырааны аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхра иаҿуп.

Аҟәа иасуаз аԥшатлакә иахҟьаны 50 ҵла каҳаит, атроллеибустә цәаҳәақәеи афымцацәаҳәақәеи ԥыҵәҵәоуп, иара убас икаҳаит афымцашьаҟақәа.

Амҽыша ахәылбыҽха иқәлаз аԥшатлакә Аҟәа аԥхасҭа анаҭеит: асасааирҭақәеи аҩнқәеи рхыб рықәнахит, аҵлақәа канажьит. Аԥсыҭбара ыҟаӡам. Аԥсны ахәҭаки Аҟәеи ӡыда, фымцалашарада иаанхеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0