Гагра амшынеисра бааԥс иахҟьаны даҽа ԥсшьаҩык аӡы дагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПобережье Гагры
Побережье Гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА атәыла асасцәеи ауааԥсреи рахь аҳәара ҟарҵоит амшынеисра бааԥс аныҟоу аҟәара иқәымларц, аҽыкәабаразы аӡы иҭамларц.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Пиатигорск инхоз 2000 шықәса рзы ииз Ростислав Петров Гагра амшынеисра бааԥс иахҟьаны аӡы дагеит ԥхынгәы 5 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Предупреждающая табличка у устья реки Келасур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Аԥсны АҶА: Кьалашәыр амшын иахьалало аҭыԥ аҟны зхаҭара шьақәыргылам ахаҵа дӡааҟәрылеит

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рахь ахҭыс азы адырра ҟалеит ашәахьа ԥхынгәы 5 асааҭ 17:45 рзы.

Иазгәаҭоуп, аӡы иагаз Петров иеиқәырхаразы амшын иҭалаз даҽа ԥсшьаҩык аӡы далыргеит ҳәа.

Иара убас АҶА апресс-маҵзура иаанацҳауеит реиқәырхара шрылшаз амшынеисра бааԥс азы аӡы иҭалаз ҩыџьа атуристцәа: 1981 шықәса рзы ииз Иарославль инхо Евгени Третиакови, 1996 шықәса рзы ииз Фарид Ахметови.

Уи аԥхьа аиқәырхаҩцәа иаарыцҳаит аӡиас Кьалашәыр амшын иахьалало аҭыԥ аҟны зхаҭара шьақәыргылам ахаҵа аӡы дагеит ҳәа.

Амшынеисра бааԥс иахҟьаны ԥхынгәы 4 рзы иара убас ауаа рыла ишабоз дӡааҟәрылеит 1979 шықәса рзы ииз Саратовынтәи ԥсшьара иааз Павел Даньков. Аӡәгьы ицхраара рылымшеит ацәқәырԥақәа ахьдууз иахҟьаны. Иара иԥсыбаҩ макьана ирзымԥшааӡацт.

Ԥхынгәы 5, ашьыжь Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭаҿы Аԥсны атәылауаҩ Баҭал Оҭырба ацҳаҟынтәи аӡиас далаҳан, аӡы дагеит, уи иеиқәырхара рылымшеит.

АҶА аусзуҩцәа Гагра деиқәдырхеит Урыстәылантәи иааз даҽа ԥсшьаҩык - Марина Кочеткова. Ашьыжь ԥхынгәы 5 рзы лара амшын дахьҭалаз, лхала аҭыҵра лылымшеит. Ацәқәырԥа дышьҭыхны аҟәарахьы дахьаанагаз насыԥс илыман. Убасҟан ауп лалгара анрылша.

Ажәабжьқәа зегьы
0