Аԥсуа боксиор Саир Каҷараа Европа Аԥхьахә агаразы раԥхьатәи аиндаҭлара даиааит

Саир Качарава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2021
Анапаҵаҩра
15 шықәса зхыҵуа аԥсуа боксиор Саир Каҷараа Европа Аԥхьахә агаразы аиндаҭлараҿы дықәгылоит Урыстәылатәи еизгоу акоманда далахәны.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Аԥсуа боксиор Саир Каҷараа 15-16 шықәса зхыҵуа рыбжьара абокс азы Европа Аԥхьахә агаразы аицлабраҟны 5:0 ҳәа дииааит германиатәи аспортсмен. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.

Аицлабра мҩаԥысуеит арҭ амшқәа рзы Қарҭ.

Мшаԥымзазы Саир Каҷараа 15-16 шықәса зхыҵуа рыбжьара абокс ала Урыстәыла Аԥхьахә азы аиндаҭлараҟны аиааира игеит.

Аспортсмен дазыҟарҵоит Арнольд Гәбази Алиас Агрбеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0