Беслан Ешбеи Александр Анқәаби Аҟәа амшцәгьа иазыннажьыз аԥхасҭа иахцәажәеит

© Foto / Сайт Администрации СухумаБеслан Эшба и Александр Анкваб обсудили ущерб, нанесенный Сухуму штормом
Беслан Эшба и Александр Анкваб обсудили ущерб, нанесенный Сухуму штормом - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
Анапаҵаҩра
Амҽыша ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны амшцәгьа ҟалеит, аԥшатлакә асит, ақәаршыҩ леит, уи иахҟьаны атәыла араионқәа зегьы аԥхасҭа роуит, Аҟәагьы убрахь иналаҵаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Аԥшатлакә Аҟәа аҩнеихагылақәа, ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, ахатәы ҩнқәа рхыбқәа аԥхасҭа ду рнаҭеит, афымцацәаҳәақәеи, атроллеибустә шьаҟақәеи ацәаҳәақәеи акыр ԥнаҵәеит ҳәа аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит

Сильный ветер в Сухуме повалил деревья и снес крыши домов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Аҩнқәа хыбдеи лашарадеи иаанхеит: араионқәа рхадацәа аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа ирзааҭгылеит

Иазгәаҭоуп, иахьатәи аамҭазы аҩнеихагылақәа 54, жә-школк, быжь-хәыҷбаҳчак рхыбқәа шыԥхасҭоу. Иара убас аԥхасҭа зауз автомашьынақәеи ахатәы ҩнқәеи ирызку аинформациа макьанагьы аизгара ишаҿу. Амҩақәа Кьараз, 15, Чалмаз, 5 рҿы аҩнеихагылақәа ҩба рҿы аекспертиза мҩаԥгатәуп.

Аҩнеихагылақәа 12 рхыбқәа еиҭашьақәыргылоуп, даҽа 20 еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп. Даҽа 22 рҟны ахыб шьаҭанкыла ма хәҭакла иахьыԥсахтәу ыҟоуп.

Арҭ аусмҩаԥгатәқәа рзы ақалақь алшара амаӡам, убри азы Аҟәа ақалақь ахадара аҳәара ҟанаҵоит Аминистрцәа реилазаараҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы акомиссиа иааиуа аилатәараҿы абарҭ аҩнқәеи хәыҷбаҳчақәаки рхыбқәа реиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара аҟаҵара азҵаара иалацәажәарц.

Ахадара иара убас аҳәара ҟанаҵоит атроллеибустә цәаҳәақәеи ашьаҟақәеи реиҭашьақәыргыларазы адгылара ҟарҵарц.

Ацхыраара иззаҳәаз ахыбрақәа рзы аматериалқәа Александр Анқәаб Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" аиҳабы Руслан Тәанба иахь иирхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0