Иасуаз аԥшатлакә иахҟьаны Аҟәа араион аҟны 22 ргылара ааха роуит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛиквидация последствий шторма в Сухуме
Ликвидация последствий шторма в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2021
Анапаҵаҩра
Амҽыша ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны амшцәгьа ҟалеит, аԥшатлакә асит, ақәаршыҩ леит, уи иахҟьаны атәыла араионқәа зегьы аԥхасҭа роуит, Аҟәагьы убрахь иналаҵаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Иасуаз аԥшатлакәи илеиз ақәыршыҩи ирыхҟьаны Аҟәа араион аҟны 22 ргылара ааха роуит, абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.

"Амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы иаԥҵоуп акомиссиа, ҳраион аҟны 22 хыбра ааха роуит, урҭ рҟынтәи ҩба Гәымсҭеи Ешыреи игылоу аҩнеихагылақәа роуп, иара убас ақыҭа ахадара хыбрада иаанхеит, егьырҭ зегьы ахатәы ҩнқәа роуп", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, акомиссиа алахәылацәа аԥхасҭа зауз аҩнқәа ирҭааны ирбоит, иаҭаху ахарџь азгәарҭоит.

"Аԥша ахыбрақәа анрыхнах ашьҭахь ақәа алагеит, ауаа рыҩнқәа ирыҩналеит, аԥхасҭа рынаҭеит. Аҳыбқәа рықәҵахаанӡа аамҭала мшьамбала ихҟьоуп", - иҳәеит иара.

Беслан Эшба и Александр Анкваб обсудили ущерб, нанесенный Сухуму штормом - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
Беслан Ешбеи Александр Анқәаби Аҟәа амшцәгьа иазыннажьыз аԥхасҭа иахцәажәеит

Аԥшатлакәи ақәыршыҩи иҟарҵаз аԥхасҭа ахә макьаназы ашьақәыргылара заацәоуп, иҳәеит ақыҭа ахада.

Еиқәыршәоу ашәҟәқәа рыла, хә-еихагылак змоу анхарҭа ҩнқәа рхыбқәа рышьақәыргыларазы иаҭахуп 2,5 миллион мааҭ. Ахатәы ҩнқәа ирықәхарџьхо макьаназы еилкаам, иҳәеит Ҷыҭанаа.

"Аҳәынҭқарра ацхыраарада ҳамчқәа азхаӡом, иаҳцәыуадаҩхоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ақыҭа ахада иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы рынагӡаразы араион иамоу иҭаҵәаху афонд азхаӡом.

Аԥшатлакәи ақәаршыҩи Аԥсны зегьы иахысит ԥхынгәы 4 рзы. Уи иахҟьаны атәыла аиҳарак аԥхасҭа аиуит - аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит. Аҟәа аиҳарак ӡыдеи лашарадеи иаанхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0