Ашахматтә турнир "Аҟәа Опен - 2021" ахәыҷқәа рыхәҭа хыркәшоуп

CC0 / / Шахматы
Шахматы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2021
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа ртурнир иалахәын 17-ҩык ашахматасыҩцәа Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтәи.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашахматтә турнир "Аҟәа Опен - 2021" ахәыҷқәа рыхәҭа хыркәшоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашахмат афедерациа ахада Константин Ҭыжәба. 

Атурнир мҩаԥысуан Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҟны. Ԥхынгәы 11 ахәылԥаз аиҳабацәа рыбжьара аихшьалақәа ҟарҵоит.

"Ахәыҷқәа ртурнир иалахәын 12 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз ақәыԥшцәа. Аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Иван Жуков Москвантәи, аӡӷабцәа рыбжьара - гәдоуҭатәи Лана Гәынԥҳа", - иҳәеит иара.

Аҩбатәи аҭыԥ игеит аҟәатәи Богдан Турков, ахԥатәи - москватәи Георги Рискин. Аӡӷабцәа рахьтә аҩбатәи аҭыԥ лгеит гәдоуҭатәи Лиа Оҭырԥҳа, ахԥатәи – Доминика Ериомина, уигьы дыгәдоуҭатәуп.

"Атурнир мҩаԥысуеит иахәҭоу асанитартә ԥҟарақәа ирықәныҟәаны. Уи иалахәу аспортсменцәа рхыԥхьаӡара иагҳархеит, аҳауаҿы имҩаԥаагоит", - иҳәеит Ҭыжәба. 

Иара убасгьы иара адырра ҟаиҵеит аиҳабацәа рыбжьара атурнир анхыркәшахалак, иааиуа амчыбжь азы иласу ашахмат азы атурнир шымҩаԥырго.

Ахәыҷқәа ртурнир иалахәын 17-ҩык ашахматасыҩцәа Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтәи. Уи анхыркәшаха, Константин Ҭыжәба зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо, аиааира згаз иранеишьеит ахраҿақәеи аҳаҭыртә бӷьыцқәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0