Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аԥсны ашьхараҿы "адиверсантцәа" ҭадырхеит

© Foto / пресс-служба ЮВО Военнослужащие дежурного подразделения ЮВО в Абхазии отразили нападение условных диверсантов
 Военнослужащие дежурного подразделения ЮВО в Абхазии отразили нападение условных диверсантов - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа рыплан инақәыршәаны, "адиверсантцәа" арратә қалақь иақәлеит ахылаԥшра-аушьҭырҭатә пункт ала.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа раан иҭадырхеит ихыҭҳәаау "аӷа" игәыԥ, абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 70 инареиҳаны аимитациатә зариадқәа ИМ-120, асигналтә ракетақәа, ахы зҭам абџьар.

"Адиверсантцәа" арратә қалақь аҵакыраҿы аматериал-техникатә хархәагақәа ԥыржәарц азы аминақәа ыҵарҵарц азы уахь иҭаларц рҽазыршәеит. Иҷаԥшьоз аҟәша ашәарҭара ҟалеит адырра анроуп, "аӷа" даанкыланы дҭадырхеит агәаҭарҭа-аушьҭратә пункт аҿы, ашьҭаҵарҭақәа ахьыҟаз ахыбрақәа рзааигәара.

Аминеиҵыхцәа ракәзар, аԥжәагаԥшаагақәа ИНВУ "Коршун", аметаллԥшаагақәа "ИМПС" рхархәарала анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥганы ахалаҟаҵа ԥжәагақәа ықәырхит.

Зынӡа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа 500-ҩык, еиуеиԥшым арратә техника 70 ак, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы ҳаамҭазтәи акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-82АМ, акәылӡтәы машьынақәа "Тигр".

Ажәабжьқәа зегьы
0