Аԥсны ашьхареи агаԥшаҳәеи рҿы: урыстәылатәи аруаа ахысрақәа мҩаԥыргеит

© Foto / пресс-служба ЮВОРазведчики ЮВО в Абхазии применили современные средства разведки в ходе полевого выхода в горах
Разведчики ЮВО в Абхазии применили современные средства разведки в ходе полевого выхода в горах - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Анапаҵаҩра
Аладатәи арратә округ артиллеристцәа рҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 1,5 нызқьҩык рҟынӡа аруаа, 300 ак рҟынӡа арратә техника.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аладатәи арратә округ артиллеристцәа зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәа "Акациа" ала Аԥсны ашьхареи агаԥшаҳәеи рҿы ахысрақәа мҩаԥыргеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу ААО арратә база апресс-маҵзура.

Артиллеристцәа зхала иныҟәо 152 мм иҟоу артиллериатә шьақәгылақәа "Акациа" ала игылаз ацәҟьарақәа иреихсуан.

Аладатәи арратә округ артиллеристцәа рҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 1,5 нызқьҩык рҟынӡа аруаа, 300 ак рҟынӡа арратә техника.

Ажәабжьқәа зегьы
0