Аԥсны Апарламент Иреиҳаӡоуи, Арбитражтәи, Аҟәеи Гәылрыԥшьи аӡбарҭақәа рыӡбаҩцәа алнахит

CC0 / / Судебный молоток и весы правосудия
Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҿы ишьақәырӷәӷәан Аԥсны Апарламент Иреиҳаӡоуи, Арбитражтәи, Аҟәеи Гәылрыԥшьи рраионтә ӡбарҭақәа рыӡбаҩцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент Иреиҳаӡоуи, Арбитражтәи, Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионтә ӡбарҭақәа рыӡбаҩцәа шьақәнарӷәӷәеит.

Акандидатцәа рыдигалеит Жәлар Реизара аҳәынҭқарратә зинтә политиказы аилак аиҳабы Валери Агрба. Иара иажәақәа рыла, аилак аилатәараҿы ирылацәажәан аӡбаҩцәа рнысымҩа, дара русураҿы гха рымам ҳәа азгәарҭеит.

Адепутатцәа рыбжьыҭарала Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәас иалхуп Лииа Адлеиԥҳаи Есма Қорсаииаԥҳаи.

Аԥсны Арбитражтә ӡбарҭа аӡбаҩцәас ишьақәырӷәӷәоуп Асида Џьниаԥҳаи Кама Арсҭааԥҳаи.

Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩс дҟаҵоуп Марина Ануаԥҳа, Аҟәа араионтә ӡбарҭа аӡбаҩс - Асҭамыр Тәанба.

Ажәабжьқәа зегьы
0