Аҟәа асанитартә ҳақьым хада илҳәеит амшын уахьҭалашеи ӡыс ижәтәуи

© Sputnik / Томас ТхайцукСекция по плаванию в Сухуме
Секция по плаванию в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева лдыррала, иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны амшынӡы мҟьашьӡеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Аҟәа иахьаҵанакуа амшынӡы аҭагылазаашьа бзиоуп, аха иҟоуп аҭыԥқәа уҽуумкәабар ахьеиӷьу ҳәа арадио Sputnik Аԥсны аҿы еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева. 

"Аҟәа иахьаҵанакуа аҽыкәабара ахьыҟало амшынӡы аҭагылазаашьа, егьырҭ ашықәсқәа раан еиԥш, хар амам. Уаанӡеиԥш, уҽуумкәабар еиӷьуп аӡиасқәа Баслаҭеи Аӡаԥшьи амшын иахьалало аҭыԥқәа рҿы. Имҩаԥгаз аҭҵаарақәа рыла, зегь реиҳа аӡы цқьоуп Алашарбага аҳаблаҿы. Егьырҭ аҭыԥқәа рҿы арекреациатә зонақәа ирышьашәало иҟоуп", - ҳәа азгәалҭеит лара. 

Белиаева иара убас илҳәеит аротавирустә инфекциа алшықәсанык ауаа ишрыдырбало. Зегь реиҳа ирыхьуеи хԥа-фба шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа, еиҳараӡак алаҵа ззыҟаҵам. Иара убас ирыдырбалоит ахатәы ҩнқәа рҿы иаангыло аԥсшьаҩцәа рыбжьара.

Иара убас аротавирустә инфекциа аҽышьҭнахуеит нанҳәамза ианазааигәахо, уи зыхҟьо аӡы мацара акәым, ауаа рнапы мыӡәӡәаӡакәа ашәыр ахьырфогьы ауп.

Аинфекциа асимптом хадақәа иреиуоуп ашоура 37 градус ианеиҳахо, амгәа хьаа рызцәырҵуеит, ирҿырхуеит. Адуцәа усҟак ибааԥсны ирхыргом, аха ахәыҷқәа рзы ишәарҭахар ҟалоит.

Савелий Читанава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2021
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷыҭанаа аӡиас Гәымсҭа ацқьара иазкны

Белиаева арҭ рҩызцәа асимптомқәа здызбалаз Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭа иадҵааларц рабжьылгоит.

"Уажәы реиҳараҩык ахәыҷтәы хәшәтәырҭа иадҵаалоит, избанзар Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы уажәы акоронавирус зыдбалоу адҵаалоит, аҭып аҿы ирхәшәтәуеит. Сгәанала, хара имгакәа ахәыҷқәа рзы аҟәша аадыртып ҳәа", - лҳәеит лара.

Иара убас Аҟәа аӡрыжәтә ҟьашьӡам, избанзар уи ахлор ала идрыцқьоит лҳәеит Белиаева.

Иагьа ус иҟазаргьы, лара аҳҭнықалақь асасцәеи анхаҩцәеи акран аҟынтәи аӡы рымжәларц рабжьылгоит, аӡымҩангагақәа ахьажәу азы.

Аӡиасқәа рҿы акәзар аҽыкәабара ҟалоит, аха уантәи аӡыжәра рҽацәхьаркыр еиӷьуп лҳәеит аҳақьым. 

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны аԥшаҳәа зегы иахысит аԥшатлакә, амшын аҿы ацәқәырԥеисра ӷәӷәа ыҟан. Белиаева ишылҳәаз ала, уи аахижьҭеи аӡы аҭагылазаашьа еиӷьхара иаҿуп.

Лара лажәақәа рыла, аӡы ҵаҟатәи ахәҭаҿы иҟоу аӡы хьшәашәеи хыхьтәи аӡы ԥхеи анеилалакгьы, аӡы ахала аҽарыцқьара иалагоит, уи азы ҩба-хԥа мшы роуп иаҭаху. 

Ажәабжьқәа зегьы
0