COVID азы аныхрақәа рахь ииагахар алшоит афымцамчԥхьаӡагақәа ирзоужьу аԥара

© SputnikПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аенергетикаҿы иҟоу аҭагылазаашьа ауаажәларра ирызцәырырго ауадаҩрақәа ирылацәажәеит Жәлар Реизара аилак аилатәараҟны.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik, Бадри Есиава. Афымцамчԥхьаӡагақәа рықәыргыларазы иазоужьу шә-миллион мааҭк аԥара акоронавирус аҿагыларази, атәыла амедицина ацхыраарази ииагахар алшоит, абри азы ажәалагала ҟалҵеит Жәлар Реизара адепутат Натали Смыр.

Лара лажәақәа рыла, иахьатәи аҭагылазаашьаҿы аковидҿагылара еиҳа ихадоуп, афымцамчԥхьаӡагақәа рықәыргылара аасҭа.

Смыр иазгәалҭеит, ауааԥсыра рхы иадырхәо афымцамч ахә ахымшәаара зыхҟьо рымамзаара шакәу. Адепутат лгәаанагарала, афымцамч ахәқәа реиҭахәаԥшразы атәыла ахада иҟаиҵаз ажәалагала иаԥсамкәан иҟоуп, ауааԥсыра иахьатәи рхашәалақәа урыхәаԥшуазар.

Ари азы ажәалагала ҟалҵарц лгәы иҭоуп абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы инеиҵыху аилатәараҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0