Аԥсны ашәахтә усбарҭаҿы ирҳәеит ахашәалақәа ашәҟәы рҭагалара аус шцо

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Анапаҵаҩра
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуеит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны. Ахашәалақәа ашәҟәы иҭагалатәуп нанҳәа 1 рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра иатәу IT-аҟазауаа апрограмма аиқәыршәара иаҿуп ахашәалақәа ашәҟәы рҭагалара автоматизациазы, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзура аиҳабы Гьаргь Габуниа.

Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Аԥсны Ахашәалақәа ашәҟәы рҭагаларазы азакәан амчра аиуит

Иара иажәақәа рыла, аминистррахь адекларациақәа аашьҭхоит ихазырҭәараны иҟоу русурҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи.

"Ари аус аиҿкаара ҳарманшәаларц азыҳаӡбеит апрограмма аԥаҳҵарц, уахь онлаинла адекларациа хазырҭәаараны иҟоу иусурҭантәи ашәҟәы ҳаулоит. Уажәы уи апрограмма  IT-аҟазауаа аус адулара иаҿуп. Сгәы иаанагоит, ԥхынгәы 20 шыҟоу еиԥш агәаҭаратә режим ала аусура иалагоит ҳәа", - иҳәеит иара.

Габуниа игәаанагарала, ари азакәан анагӡара ауадаҩрақәа цәырнагоит.

"Адгьылтә кадастр зну ашәҟәы ҳамаӡам, адекларант ашәҟәы иаирбар, уи ахышәаҵышәа агәаҭаразы араионқәа рҟны алшара ҳамаӡам, иара убас еиҭамҵуа амал азгьы иаку абаза ҳамаӡам. Азакәан ҳҿаԥхьа иқәнаргыло адҵақәа рынагӡаразы ауадаҩрақәа цәырҵуеит. Урҭ рыӡбара хымԥада иаҭахуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа рашәара 14 рзы инапы аҵаиҩит "Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан.

Азакәан ахь ариашарақәа рыдыркылеит Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҿы рашәара 9 рзы. Хәажәкыра анҵәамҭазы актәи аԥхьарала адепутатцәа азакәан ахь арҽеирақәа рыдыркылеит.

Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Ашәахтәқәа рзы аминистрра ахашәалақәа автоматизациала ашәҟәы иҭанагалоит

Ариашара хадақәа ирыҵаркуеит "адекларант иҭаацәа" акатегориахь иаҵанакуа ахаҿқәа: ачынуаа рхаҭақәа рыдагьы урҭ рыҳәса, рхацәа, зықәра намӡац, зықәра наӡахьоу рыхшара, рашьцәа, раҳәшьцәа. Анаҩс ари асиаҟынтә иқәган "адекларантцәа зықәра наӡоу рыхшара". Ари иақәшаҳаҭымхеит аԥшьгаратә гәыԥ ахаҭарнакцәа.

Мшаԥымза анҵәамҭазы еилкаахеит, ахада Иусбарҭа азакәан апроект ишаднагалаз ариашара ҿыцқәа.

Азакәан инақәыршәаны ахадарахьы акандидатцәеи адепутатцәеи рдекларациақәа нарышьҭлароуп алхратә комиссиахь еиԥш ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахьгьы, аусбарҭа асаит аҿы иӡыргазарц. Убри аан ачынуаҩ имаҵзура данахагыла ашьҭахь, 30 мшы рыҩнуҵҟа адекларациа хаирҭәаароуп. Уи адагьы, аԥсахрақәа мҩаԥгоуп ахәҭаҷ 6 актәи ахәҭаҿы. Ариашарақәа инарықәыршәаны адекларациақәа рдыррақәа аофициалтә саитқәа рҟны икьыԥхьхоит, АИХқәа ирзынарышьҭуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0