Аҷкәын қәыԥш Гәдоуҭа амшын аҿы аӡы иагоз аԥсшьаҩцәа еиқәирхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВолны на побережье Черного моря
Волны на побережье Черного моря - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа гәыԥҩык зықәтәаны амшын ихыз акатамаран аидара рацәа иахҟьаны иԥҽын, аӡааҟәрылара иалагеит Гәдоуҭа араион Бамбора ақыҭа аԥшаҳәаҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Жәибжь шықәса зхыҵуа Леон Барцыц аԥҳәыс лхәыҷи лареи еиқәирхеит Гәдоуҭа амшын аҿы аӡааҟәрылара иаҿыз акатамаран аҟынтәи, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Барцыц ҷкәын ихаҭа.

Леон иажәақәа рыла, ахҭыс ҟалеит ҩымш раԥхьа, иҩызцәеи иареи Бамбора аԥшаҳәаҿы рыԥсы аныршьоз.

"Ус аҳәҳәабжь ҳаҳаит, амшын аҟынтәи шьоукы ацхыраара иаҳәон. Ҳаԥшызар, аҟәараҟынтәи 50-60 метра раҟара амшын агәахьы инахараны катамаранк нааны ишхыз ҳбеит. Уи аӡааҟәрылара ишаҿыз еилаҳкааит. Ари збоз ауаа зегьы, ҳара ҳаиԥш, аҟәараҿы игыланы ирыхәаԥшуан, иҟарҵо рзымдыруа. Ус сганаҿы ишьҭаз асиорфинг азы аӷәы збан, уи зтәыз сиазҵааит изгар ҟалома ҳәа. Иҟалоит аниҳәа, исыман сдәықәлеит, аха уи ахаан сақәымтәацызт азы ацәқәырԥақәа анахь-арахь сдыршәуан. Нас сҩыза Максим Возба иааникылан, дсыцхраан сақәтәан, сдәықәлеит акатамаран ахь", - игәалаиршәоит Барцыц.

© Foto / предоставлено Леоном БарцицЛеон Барцыц
Аҷкәын қәыԥш Гәдоуҭа амшын аҿы аӡы иагоз аԥсшьаҩцәа еиқәирхеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Леон Барцыц

Леон арыцҳара иақәшәаз аԥсшьаҩцәа рҟынӡа анеира хәминуҭк раҟара дықәхеит. Акатамаран иақәтәан фҩык - хҩык ахацәеи, ҩыџьа аҳәсеи, фышықәса раҟара зхыҵуаз хәыҷыки. Аиҳабацәа Леон ахәыҷы дидыркит, иара убас рхатәы маҭәақәагьы ирҭеит, иагьиҳәеит дара дрышьҭаланы дхынҳәырц. Ан лакәзар, аӷәы дахьынҳаланы аҟәараҟынӡа дрываӡсаны днеит.

Арԥыс иажәақәа рыла, акатамаран ԥшьҩык роуп иазышьҭыхуа. Ахьанҭара иахҟьаны уи армарахьтәи аган шьшьан иԥҽит, уи азы аӡааҟәрылара иалагеит. Леон егьырҭ раагаразы дцаратәы уаҳа амч иламызт, уи аамҭаз уа иҟаз ирҵаҩы дцаргьы лымуит.

"Аиаша шәҭахызар, дара маҷк рқьаф ыҟазшәа збеит. Акатамаран зтәыз излеиҳәаз ала, дара уи ианақәтәоз, пакетқәак рыман, уа арыжәтә ҭазар ҟаларын. Жәаминуҭк раҟара анҵы, аҭыԥантәи ауааԥсыра нышьла инеин, аԥсшьацәа ақәыртәаны аҟәарахьы иааргеит", - иҳәеит иара.

Леон ишиҳәаз ала, ауаа реиқәырхаразы аӡы аҽалажьра усҟак имариамызт, аха усҟан иахьынӡашәарҭоу азхәыцхагьы имоукәан ауп дышдәықәлаз. Иара еиликаауеит ауаа аӡы ралгараҿы аԥышәа шимамыз, уи иахҟьаны ауаа еиҳагьы аԥырхага риҭар ҳәагьы дшәон, иара ихатә ԥсҭазаара ашәарҭара ишҭаиргылоз атәы усгьы еилкаан.

Ахәыҷы дызманы аӡы иагоз аԥҳәыс деиқәзырхаз арԥыс иҭабуп ҳәа иаҳәо, иазгәалҭеит иара иакәымзар арыцҳара шыҟалоз, рхала рхы шырзеиқәмырхоз. Леон ус ихы мҩаԥимгазҭгьы ауаа ҭахар шалшоз даназхәыц, афырхаҵара шааирԥшыз ихдырраҿ иааит.

"Сгәыӷуеит сыԥсҭазаараҿ уаҳа аӡәы иеиқәырхара сықәшәарым ҳәа, аха даҽазны аиҳабцәа рыда уи сҽазыскуам. Избанзар сара исыздыруам ари аҩыза ахҭыс аҿы ахымҩаԥгашьеи ииашаны ауаҩы иеиқәырхашьеи. Схы мацара сзақәгәыӷӡом", - иҳәеит Барцыц.

Леон Барцыц Жәандәрыԥшь ақыҭан дынхоит. Сынтәа Бамборатәи абжьаратә школ далгеит. Леон ишазгәеиҭаз ала, иҟалаз ахҭыс заҳаз зегьы иааины идҵаалоит, имадырҽхәоит.

Леон Санкт-Петербургтәи ауниверситет аҟны архитектура азанааҭ аҭалара игәы иҭоуп. Дгәыӷуеит аԥхьаҟа Аԥсны аргылараҿы илагала ҟаиҵап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0