Аслан Бжьаниа Башар Асад инапынҵақәа рынагӡара дахьалагаз идыиныҳәалеит

© AFP 2023Раздаточный материал, опубликованный на официальной странице президентства Сирии в Facebook, показывает, что президент Башар аль-Асад выступает с речью
Раздаточный материал, опубликованный на официальной странице президентства Сирии в Facebook, показывает, что президент Башар аль-Асад выступает с речью - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада иалхрақәа рзы абжьыҭара мҩаԥысит лаҵара 26 рзы. Башар Асад Шьамтәыла ахада иалхрақәа рҿы аиааира игеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Башар Асад инапынҵақәа рынагӡара дахьалагаз идыиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

"Ажәлар бжьеицҿакла рыбжьыҭара иаанарԥшуеит атәыла асуверенитети аҵакыратә акзаареи рыхьчара иазырхоу шәполитика адгылара ду шамоу. Аџьшьара ду иаԥсоуп шәыԥсадгьыл жәларбжьаратәи атерроризм иацәызыхьчаз хаҭалатәи шәгәымшәара, зхадараҿы шәыҟоу шьамтәылатәи ажәлар рфырхаҵара", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Ахада иколлега изеиӷьеишьеит аиааира ҿыцқәа Шьамтәылатәи Арабтә Республика амаҵ ауразы, Шьамтәыла ажәлар – агәабзиареи аҭынчреи.

Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада иалхрақәа рзы абжьыҭара мҩаԥысит лаҵара 26 рзы. Алхыҩцәа рзы иаартын 12 нызқь алхратә ҭыԥқәа. Алхрақәа иалахәын 14,2 миллионҩык.

Ԥхынгәы 17 рзы Башар Асад ижәлари иԥсадгьыли рҿаԥхьа аҭоуба шьҭеиҵеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0