Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭрала ҳтәылахь иаараны иҟоуп арратә мобилтә госпиталь

© Sputnik Российский военный госпиталь в гостинице "Айтар"
Российский военный госпиталь в гостинице Айтар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ачымазараҿкы аԥхынра алагамҭазы акыр аҽышьҭнахит, иахьатәи аамҭазы акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 20431-ҩык ыҟоуп, рыԥсҭазаара иалҵит 284-ҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Аԥсныҟа еиҭах иаараны иҟоуп 150 иара-ҭыԥ змоу урыстәылатәи арратә мобилтә госпиталь. Абри аҩыза аиқәшаҳаҭра нагӡахоит рыҩтәылак рнапхгара реицәажәарала, иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 22 рзы имҩаԥысыз Ашәарҭадаратә хеилак аилацәажәараҿы.

Атәыла ахада аиҳабыра рнапы ианиҵеит ҩымш рыҩныҵҟа агоспиталь ахьыҟало аҭыԥ алырхрази иааԥхьоу амедусзуҩцәа рыҟазаараз иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥырҵарази.

Ахада иҳәеит ишыԥшаахо иаҭаху аԥара амобилтә госпиталь аиҿкаарази, Гәдоуҭатәи агоспиталь адгылара аҭарази, Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭеи аҽа ҩ-стационарки рыцхраарази.

Мобильный госпиталь в Айтаре - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Аԥсны Урыстәылаҟа аҳәара ҟанаҵеит аҳақьымцәа COVID-19 аҟынтә ацхырааразы иаарышьҭырц

Бжьаниа иара убасгьы иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа дшамадоу Аԥсныҟа алаҵа "Спутник V" аҩбатәи апартиа аашьҭра азҵааразы.

"Ари азҵаара аӡбра аиуеит", - иҳәеит иара.

Ахада аԥыза-министр инапы ианиҵеит COVID-19 зыхьуа рзы зыхә дуу ахәшәқәа раахәара ахылаԥшра аҭара. Анқәаб иажәақәа рыла сынтәа акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәаара иаздырхахьеит 197 миллион мааҭ.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә хырхарҭарацәатә госпиталь аусура иалагеит Аԥсны жьҭаара 20 2020 шықәсазы, ихнаркәшеит хәажәкыра 1 2021 шықәсазы. Абри аамҭала ахәышәтәреи аконсультациақәеи рызуын 3,7 нызқьҩык ҳтәылауаа (амбулатор ҳасабла –3,3 нызқьҩык, стационар ҳасабла – 450-ҩык).

Ажәабжьқәа зегьы
0