Аԥсны абираҟ амш азы аныҳәатә уснагӡатәқәа ҟалаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукЗнамя Победы в Отечественной войне народа Абхазии
Знамя Победы в Отечественной войне народа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 29 шықәса.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны абираҟ амш азы аныҳәатә уснагӡатәқәа ҟалаӡом иҟоу акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны ҳәа Sputnik акорреспондент иазеиҭарҳәеит ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа рхаҭарнакцәа.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуԥҳа илҳәеит аныҳәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны ишыҟамло.

"Иҳагәҭакын абираҟқәа кны ақалақь алсра, шьыжьнаҵы аиԥхныҩлара амҩаԥгара аха аҳауатәии аепидемиологиатәи ҭагылазаашьа иахырҟьаны ҳаҟәыҵырц ҳаӡбеит", - лҳәеит лара.

Гәдоуҭа амш аҩныҵҟа аԥсуа музыкеи ашәақәеи ақалақь иалыҩлоит, Тҟәарчал, Очамчыра, Гәылрыԥшь араионқәа рҿгьы амассатә уснагӡатәқәа мҩаԥгахом, аха  ахадарақәа Аԥсны аибашьраҿы иҭахаз рбаҟақәа рҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара рыгәҭакуп, Гал акәзаргьы аныҳәа азгәаҭара ԥкуп.

Олег Дамениа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2019
Арадио
Дамениа Аԥсны абираҟ азы: Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиҿагылараҿы иаӡбаз рацәоуп

Ԥхынгәы 23, 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ишьақәнарӷәӷәеит Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарра агерби асахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа иескизқәа рыла. Аҳәынҭқарратә символика ӡахын аҟәатәи афабрика "Амодақәа рыҩны" аҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Армарахьтә арӷьарахь аиаҵәеи ашкәакәа ԥшшәи рыла зҽеиҭнызыԥсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ԥшьба иаҵәоуп, хԥа – шкәакәоуп. Хыхьла актәии ҵаҟатәи аҵыхәтәантәии ацәаҳәақәа иаҵәоуп. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа – Аԥсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Аиаҵәа ԥшшәы аԥсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа. Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ԥшшәахәыла иҟаԥшьу аԥшьыркца иаша, зоура абираҟ аура хыџьара ишаны хәҭак маҷк инеиҳау, зыҭбаара х-цәаҳәак ираҟароу. Аԥшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту арӷьа маҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба. 

Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аԥсуа ҳәынҭқарра (VII-X ашә.) абираҟ иаҿырԥшуп. Аҟаԥшь – арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи, асасдкылареи ирсимволуп. Аԥшшәахәы ҟаԥшь ианубаало анапы шкәакәа – Аԥсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, 11 шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжьеҵәак Аԥсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигеҭиа), Бзыԥ, Гәыма, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибӷа. Дара ирыҵаркуан аԥсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи Амшын еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0