Риҵатәи амилаҭтә парк Аӡиа иаҵәа азааигәара адгьыл ҿыбгеит

© Foto / Аляс БенияОползень
Оползень  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2021
Анапаҵаҩра
Адгьыл аҿыбгара ашьҭахь Бзыԥтәи аиҩхааҿы арыцқьаратә усурақәа ирҿуп. Амш аҩныҵҟа иалгоит. Атранспорт аныҟәара аанкылам.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи амилаҭтә парк иаҵанакуа Аӡиа иаҵәаҿы адгьыл ҿыбгеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа.

"Ашьхарахь ақәа ӷәӷәаны илеизар ҟалап. Амҩахь ахаҳә-мҿыхә, аҵлахыжәжәарақәа, амахәқәа лбаанагеит. Аӡәгьы ԥырхага имоуит, атранспортгьы аанкылам. Уажәы аусурақәа мҩаԥысуеит. Амш ахы-аҵыхәала арыцқьара иахьӡоит. Аҳәынҵәеи алыкьи рацәоуп. Амцарцәаратә машьынақәа рыла нас иқәҳаӡәӡәаауеит", - иҳәоит иара.

Уаанӡа Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк иаҵанакуа Ауадҳара аҩадахьы лаҵарамза 9 рыҽны иҟаз амшцәгьа иахҟьаны адгьыл ҿыбгеит, атуристтә маршрутқәа анаркит.

Багаҭелиа ишиҳәо ала, амҩа аныдрыцқьа инаркны иарала аныҟәара проблемак амам.

"Ауадҳара иахьаҵанакуа иҿыбгаз адгьыл ахышәа-ҵышәа 350 метра ҭбаарала иҟоуп, аурыла – 7-8 метра, иахьеиҳазгьы ыҟан. Уи адагьы, аӡымҭҟьарқәа Риҵа иалалеит, идырхәашьит, уажәы аҽарыцқьахьан, аха иахатәи ақәоура еиҭахгьы аус ҟанаҵеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0