Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ачба иус азы Ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаразы ахашшаара иақәшаҳаҭымхеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Суд по делу Бондо Ачба
Суд по делу Бондо Ачба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2021
Анапаҵаҩра
Лаҵара 5 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ачба ахара ихараҵаны быжьшықәса ҭакрыла ихигарц иқәнаҵеит азеиԥш режим иаҵанакуа ариашаратә колониаҿы, убри аан имазарагьы имхны.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусҭҵаараз ахашшааратә коллегиа ԥхынгәы 23 азы мап ацәнакит адукат Инга Габилаиаԥҳа Бориса Ачба иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭазы лышшыԥхьыӡ.

Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Аҟәатәи аӡбарҭаҿ Борис Ачба быжьшықәса ҭакрала ихыгара иқәырҵеит

Адукат Габилаиаԥҳа еиҭа иҟалҵаз азыҳәа ала азҵаарахь днаган Аԥсны уаанӡатәи ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара иҳәеит аӡиасқәа Ааԥсҭеи Хыԥсҭеи рҿы иҟаз апроблемақәа шидыруаз, ишидыруаз аремонт шыҟаҵатәыз, аус аӡбара "Аԥсныавтомҩа" анапы ишаниҵаз. Ҳаџьымба ишиҳәо ала, Ачба аамҭа-аамҭала аусурақәа шцоз атәы иирдыруан, ихаҭагьы знык аобиект даҭаахьан инагӡоу аусурақәа ахьынӡаҟоу рбаразы. Аусура ахаҭабзиара ишакәым аӡәы далацәажәомызт.

Адукат Габилаиаԥҳа лызҵаара "зныкыр Ачба азакәан иаҟәыганы аԥара аиураз дшәыҳәахьазма?" аҭакс иҳәеит Ачбеи иареи усеиԥш иҟоу азҵаарақәа ирылацәажәартә ишеизааигәамыз.

Ҳаџьымба иара убасгьы аӡбарҭа агәра аиргеит Борис Ачбеи анардадаҩ ИАЕ "ЮгСтройКомплекти" (ихыҭхәыцаау ашьаҭаркҩы Филимонов) рыбжьара аилаӡара бжьаҵазарц зыӡбаз шизымдыруа.

"Филимонов дыҟаҵәҟьазар, иганахьала аусҭҵаара зымцои? Уи ихыҭҳәаау хаҿызар, амцҳәарақәа еиҿызкааз даҽа хаҿык дыҟами, уи дзыԥшаами? Усҟан аинтерес сымамызт аусура мҩаԥызго зусҭцәаз, исҭахыз аус нагӡазарц акәын", - ҳәа иҳәоит Ҳаџьымба.

Апрокуратура хада ахаҭарнак Ельвира Хазириши иазгәалҭеит Ачбеи Ҳаџьымбеи рыда аӡәгьы ишимҳәо 2016 - 2018 шықәсқәа рзы Хыԥсҭеи Ааԥсҭеи хыҵит уа аремонт усурақәа ҟаҵатәын ҳәа. 

Рауль Ҳаџьымба уи аҭакс иҳәеит ари аҭагылазаашьа ишақәнагоу иҭҵааны аҵхәанынӡа анагаразы алшара шрымоу, иихароу ҳәа акыр рзыԥшаауазар. Уи адагьы иаҽԥнырҳәо егьырҭ аусқәа ихараҵәҟьоуп ҳәа рзышьақәыргылозар, аҭакԥхықәра аҵалагылара дшазыхиоу атәы иҳәеит.

"Аԥсныавтомҩа" уаанӡатәи ахада иҟазшьарбага далацәажәо, Ҳаџьымба иҳәеит:

"Борис Хәытышь-иԥеи сареи акырҵуеит ҳаибадыруеижьҭеи. Ҳполитикатә гәаанагарақәа анеиқәымшәоз ыҟан, ҳаизыҟазаашьақәа аныуадаҩыз ыҟан. Аха уи иаанагом иус бааԥсны имҩаԥигон ҳәа. Зегьы иреиӷьны акәымзаргьы, иус дырны иҟаиҵон", - ҳәа иҳәеит иара.

Ахьчаҩцәа рган агәаанагара иахьмырԥшыкәа, арҵабырграқәа шазымхо, аматериал аҿы аиқәымшәарақәа шыҟоу атәы шазгәарҭозгьы, Ахашшааратә коллегиа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ашьауӷа еиҭамккәа иааннажьит.

Аусӡбара аверсиа инақәыршәаны Борис Ачба ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны, 2017 шықәса жәабран 27 рзы Аԥсны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала инаишьҭыз ашәҟәаҿы адырра ԥаршеиқәа аирбеит. Урҭ адыррақәа рҿы 2016 шықәса жьҭаара-абҵара амзақәа раантәи аӡхыҵрақәеи 2017 шықәса ажьырныҳәа-жәабран амзақәа рзы иҟаз аӡлеирақәеи раан Ааԥсҭеи Хыԥсҭеи аӡиасқәа ирхыз автомобилтәи аихамҩатәи цҳақәа уашәшәырахеит ҳәа аҳәон.

Абри ашьҭахь ахада ифонд аҟынтәи 19 471 162 мааҭ аремонттә усурақәа ирзоужьын. Ачба арҭ аԥарақәа итәитәит ихыҭҳәааны Филимонов ҳәа зыжәла арбаз ИАЕ "ЮгСтройКомплект" ашьаҭаркҩи иареи аилаӡара рыбжьаҵарала.

Борис Ачба иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 156 ахәҭа 4 иаҵанакуеит (мцҳәарыла аҵаӷьычра, даҽакала иуҳәозар, мцҳәарыла, агәрагара ахархәарала атәым мазара мҽхакы ҭбаала атәтәра).

Ажәабжьқәа зегьы
0