Гагра нанҳәамзазы амшын аҿықәан аԥсшьара ахьеиӷьаршьо ақалақьқәа ирылашәеит

© Sputnik / Акоп Кущян Колесо обозрения в Гагре
Колесо обозрения в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсшьаразы анхарҭа ҭыԥқәа рҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU аҿы еилыркааит 2021 шықәса нанҳәамзазы амшын аԥшаҳәаҿы ԥсшьара уцар ахьалшо.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Гагра урыстәылатәи атуристцәа нанҳәамзазы аԥсшьара ахьеиӷьаршьо ақалақьқәа иреиуахеит ҳәа аарыцҳауеит амаҵзура TVIL.RU аҿы.

Уа иаарго адыррақәа рыла, аԥсшьаҩцәа амшын аҿықәан нанҳәамзазы анхарҭақәа аҿарҵоит ааха инаркны жәаханӡа, уахык азы инырхуеит ҩ-нызқь инаркны ԥшь-нызқь мааҭ рҟынӡа.

Иазгәаҭоуп, зегь реиҳа хәмариала Еиск аԥсшьара шалшо, еиҳа аԥара ныхтәхоит Иалта.

Нанҳәамзазы амшын аҿықәан аԥсшьара ахьеиӷьаршьо ақалақьқәа иреиуоуп:

Евпаториа

3 181 мааҭ

10 (жәаха-жәамш)
Иалта 4 420 мааҭ 9 (жәаха-жәымш)
Феодосиа 3 019 мааҭ 9 (жәаха-жәымш)
Алушта 3 421 мааҭ 10 (жәаха-жәамш)
Шәача 2 796 мааҭ 10 (жәаха-жәамш)
Судак 3 108 мааҭ 9 (жәаха-жәымш)
Гагра 2 622 мааҭ 10 (жәаха-жәамш)
Анапа 2 435 мааҭ 10 (жәаха-жәамш)
Геленџьик 2 884 мааҭ

10 (жәаха-жәамш)

Еиск 2 247 мааҭ 10 (жәаха-жәамш)

Асиа шьақәыргылоуп аԥсшьаҩцәа 2021 шықәса нанҳәамзазы иаҿарҵаз анхарҭақәа рзы адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0