Гагра амшын иагаз аԥсшьаҩы иԥсыбаҩ рыԥшааит

© Sputnik / Акоп Кущян Колесо обозрения в Гагре
Колесо обозрения в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА рдыррақәа рыла, 2021 шықәса ҳааҭалазар аахыс Аԥсны амшынӡқәа рҵакыраҿ 12-ҩык ӡааҟәрылахьеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik, Бадри Есиава. Мышқәак раԥхьа амшын иагаз Санкт-Петербургынтәи аԥсшьаҩы иԥсыбаҩ рбеит Гагра аԥшаҳәаҟны, ашьыжь ԥхынгәы 24 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

"Санкт-Петербург инхоз аԥсшьаҩы амшын дагеит Гагра ԥхынгәы 22 рзы. Иахьа ашьыжь 8:55 рзы адырра ҳауит асасааирҭа "Абхазия" иахьаҵанакуа амшын аҟны хаҵак иԥсыбаҩ хуп ҳәа. Ҳаиқәырхаҩцәа иаразнак инеит, амшын иашьыз ахаҵа дамхны дыргеит ихаҭара ашьақәыргылараз. Иҭахаз иԥшәмаԥҳәыси иҭынхацәеи дырдырит", - иҳәеит Кәыҵниа.

Иара убас аминистр иазгәеиҭеит арыцҳара шыҟалаз ауаа рыла ишабоз. Уи иеиқәырхара зҽазызшәаз хаҵакгьы амшын дагахьан, цәгьала далҵит.

Лев Кәыҵниа иҳәеит 2021 шықәса ҳааҭалазар аахыс Аԥсны амшынӡқәа рҵакыраҿ 12-ҩык шӡааҟәрылахьоу, урҭ реиҳараҩык рашәарамзеи ԥхынгәымзеи рзы шакәу аӡы ианага. АҶА аҟны имҩаԥысуеит аӡы аҟны ахымҩаԥгашьеи аиқәырхараз иҟаҵатәуи рзы азыҟаҵарақәа. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0