Владислав Арӡынба раԥхьатәи имаӡаныҟәгаҩ Раиса Погорелаиа лыԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукРаиса Погорелая
Раиса Погорелая - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2021
Анапаҵаҩра
Раиса Погорелаиа, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имаӡаныҟәгаҩ, 77 шықәса лхыҵуан, ааигәа акоронавирус лыхьит.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik, Бадри Есиава. Лыԥсҭазаара далҵит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имаӡаныҟәгаҩ Раиса Погорелаиа, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Абанк амузеи аиҳабы, Погорелаиа акыр шықәса аус лыцзухьаз Асҭамыр Ҭаниа.

"Иахьа исарҳәеит Раиса Николаи-иԥҳа лыдунеи шылԥсахыз, лара акоронавирус лыхьуан. Ларгьы саргьы даара акыраамҭа аус еицаҳаухьан Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭаҿы, анаҩс раԥхьатәи ахада иаппарат аҟны. Раиса Николаи-иԥҳа даара дыԥҳәыс хаан, даамсҭашәан, аҵарадырра бзиа лыман, лылаԥшҳәаа ҭбаан. Владислав Григори-иԥеи лареи еибадыруеижьҭеи акрааҵуан, курск аҟны аҵара еицырҵон. Уи адагь лара ибзиан иҟазшьа лдыруан, ԥсахра зқәымыз маӡаныҟәгаҩын", - иҳәоит Ҭаниа.

Ҭаниа иажәақәа рыла раԥхьатәи ахада ицхырааҩс даныҟаз, Погорелаиеи иареи есыҽны еибабон. Лусура аҟны зегьы дырнаалон. Иааилак зегь ацхыраара рыҭара дазхиан.

Погорелаиа лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа аус луан. Раԥхьа аҳәынҭқарра ахада имаӡаныҟәгаҩс, анаҩс Аԥсны раԥхьатәи ахада иабжьгаҩцәа раппарат аҟны. Владислав Арӡынба идунеи аниԥсах ашьҭахь аус луан Аԥсны раԥхьатәи ахада ифонд аҟны. Лара илхыҵуан 77 шықәса.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0