Амшцәгьа аҩнеихагылақәа ирнаҭаз аԥхасҭа аиҭашьақәыргылара 40 миллион мааҭ иартәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛиквидация последствий шторма в Сухуме
Ликвидация последствий шторма в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр Александр Анқәаби Аҟәа ахада Беслан Ешбеи ԥхынгәы 4 азы аҭыԥ змаз аԥшасра ӷәӷәа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа шцо иалацәажәеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Ааигәа аҭыԥ змаз амшцәгьа аҩнеихагылақәа ирнаҭаз аԥхасҭа аиҭашьақәыргылара иартәоит 40 миллион мааҭ. Абри атәы Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит Беслан Ешба.

Аҟәа ахада Беслан Ешба иара убасгьы 104 хатәыҩны, 19 автомашьына ироуз аахазы аматериал неигеит.

"Ҳуааԥсыра рҟынтәи иҟаз аҳәарақәеи аҩнусбарҭақәа русурақәеи рыла иаарԥшхеит 104 хатәыҩны рхыб ааха шаиуз", - иҳәеит Ешба.

Уаанӡа иара аԥыза-министр идигалахьан 54 рҟынтәи 20 уадарацәа-ҩны ирызку аматериалқәа. Арҭ аматериалқәа "Аԥсныргыларахь" инашьҭуп. Иаанхаз 34 ҩны рганахь ала аремонт мҩаԥысуеит ақалақь ахадара амчала.

Аԥсабара ангәрымуа: амшцәгьа Аԥсны аахас ианаҭаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
"Аԥсабара ангәрымуа": амшцәгьа Аԥсны аахас ианаҭаз

"34 ҩны рҟынтәи 30 аремонт рызууп. Ԥшь-хыбрак рҿы аусурақәа цоит. Амчыбжь аҩныҵҟа ихыркәшахароуп", - иҳәеит аҳҭнықалақь ахада.

Аԥыза-министр министр иазгәеиҭеит ахатәыҩнқәа рганахь ала аматериалқәа "Аԥсныргыларахь" ишынашьҭхо.

"Ааха зауз амашьынақәа ракәзар, аматериалқәа акомиссиахь инашьҭхоит. Акомиссиа аусура аихшьаалала аӡбра ҳадаҳкылоит. Зыӡбахә ҳәоу аԥара маҷым, уи адагьы аамҭала ҳхыдҵақәа анынагӡахо макьаназ аҳәара уадаҩуп", - иҳәеит Александр Анқәаб.

Ԥхынгәы 4 азы Аԥсны аԥшаӷьи адыд-мацәыси ацны ақәаршҩы леит. Ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи ааха роуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0