Иԥсеиқәырхагоу агәыр: "Ашана" Габриель Пацуриа ихәышәтәразы аԥареизгара иалагеит

© Foto / предоставила Мактина Шакая Габриэль Пацурия
Габриэль Пацурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Габриель Пацуриа изы еизгатәуп 160 миллион мааҭ.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Габриель Пацуриа изы аԥареизгара хацнаркит.

Ахәыҷы аамзы анихыҵуаз агенетикатә чмазара идырбалеит – абӷа-жьышә лыԥсаара. Есыҽны ичымазара аҽарӷәӷәоит – ишьапқәа кәадахоит, иԥсыԥлагаҩагареи илбаадареи уадаҩхеит.

Ахәыҷы еиқәырхараз иаҭахуп агәыр "Золгенсма". Иара ҩышықәса ихыҵаанӡа изыҟаҵатәуп, икапан 13 кьыла еиҳахаанӡа. Габриель шықәсыки бжаки ихыҵхьеит, 11 кьыла дыҟоуп. Убри азы ацхыраара хымԥадатәиуп.

© Foto / предоставила Мактина Шакая "Ашана" Габриель Пацуриа ихәышәтәразы аԥареизгара иалагеит
Иԥсеиқәырхагоу агәыр: Ашана Габриель Пацуриа ихәышәтәразы аԥареизгара иалагеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
"Ашана" Габриель Пацуриа ихәышәтәразы аԥареизгара иалагеит

"Золгенсма" Гиннес ирекордқәа рышәҟәы иануп адунеи аҿы реиҳа зыхә дуу ахәшә ҳәа. 160 миллион мааҭ иаԥсоуп. Аҭаацәа 13 миллион мааҭ еизыргахьеит.

"Ҳақәгәыӷуеит аԥара еизгахап ҳәа, ахәыҷқәа зегь реиԥш дыҩуа, дыԥо, дыхәмаруа даабап ҳәа", - лҳәоит ахәыҷ иан.

Еизгахо аԥара афонд "География добра" иахыԥхьаӡалахоит ахәшә аахәаразы.

Ахәыҷы ацхыраара иҭашьа аилкаара алшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы, ма иан Instagram лдаҟьаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0