Акоммуналтә нхамҩа аусзуҩцәа Аҟәа еизаз агәамсам мызки бжаки рыҩныҵҟа ишықәырго рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМусороуборочная машина
Мусороуборочная машина - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2021
Анапаҵаҩра
Гал араионахь аҟьамсар агара иалагаанӡа, 2018 шықәса рзы Алашарбагатәи агәамсамкажьырҭа анадыркы ашьҭахь атаксопарк аҵакыраҿы аамҭала еиҿкаан агәамсам аидкыларҭа.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik. Ԥхынгәы 4 азы аҭыԥ змаз аԥшатлакә ашьҭахь Аҟәа еизеит агәамсам рацәа. Ақалақьтә маҵзурақәа атаксопарк аҵакыра амчрацҵақәа адгаланы мызки бжаки аҩныҵҟа иаҳрыцқьоит ҳәа азгәарҭуеит. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Сурам Джинджолия - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2020
Арадио
Џьынџьал Гал араион агәамсам кажьырҭа аҭыԥ ҿыц аиҿкааразы: имаҷымкәа аԥара аҭаххоит

"Уажәазы еиҿкаауп агәамсам ақәгара. Мызки бжаки рышьҭахь ара иаанхо ааигәа инхо аӡәгьы иԥырхагамхо иҟалоит. Есыҽны  Галҟа амашьынақәа 11 реис ҟарҵоит. Уажәы урҭ ирыцлоит даҽа х-реиск ҟазҵо амашьына дуқәа. Арҭ амашьынақәа акы ҩба иргаша ргоит", - иҳәеит АУН "Аиқәыршәазаара" адиректор Саид Кур-иԥа.

Аҩнусбарҭа №5 аиҳабы Ахра Кәыҵниа Аҳабла ҿыц ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵоит акоммуналтә маҵзурақәа рыхә ршәаларц, агәамсам ақәгарагьы абрахь иналаҵаны.

"Зегьы ирҭахуп иаарыкәыршаны ицқьазарц, акран аҿы аӡы аауазарц. Урҭ рыхә шәатәуп. Агәамсам агаразы шықәсык аҩныҵҟа аӡәы изы 324 мааҭ шәатәуп, аӡазы – 480 мааҭ. Аха иршәаӡом", - иҳәеит иара.

Аҟәатәи агәамсам Гал араион иҟоу агәамсам кажьырҭахь иргоит 2018 шықәса раахыс. Аха уажәшьҭа уагьы адкылара залымшо иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0