Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра сынтәатәи араса аҽаҩра иалацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦентральный рынок в Сухуме
Центральный рынок в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы аҽаҩра бзиахап ҳәа иҟоу агәаанагара, Аԥсны араионқәа рҿы араса ахәшәтәра инарҭбаан иахьымҩаԥгаз иадҳәалоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. Заанаҵтәи азԥхьагәаҭарақәа рыла 2021 шықәсазы араса аҽаҩра 12 000 тонна рҟынӡа иҟалароуп ҳәа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Ҳагәышь.

Абессалом Кварчия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2021
Арадио
Кәарҷиа араса аҽаҩразы: ҵыԥх аасҭа ирацәоуп, аха ахаҭабзиара ианымԥшыр амуит

"Ари рбага шьахәуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа реиԥш сынтәагьы Гал араион аҿы хәнызқь гектар иахьаҵанакуаз араса рхәшәтәит", - иҳәеит иара.

Уи адагьы аминистрра анхацәа араса ахәшәтәразы ахимиатә маҭәашьарқәа рзыршеит. Урыстәыла афинанстә цхыраарала ахәшә ақәҭәагақәа аахәан, урҭ ахәшәқәа ирыцҵаны ишан.

Дмитри Ҳагәышь иҳәеит имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа алҵшәа шаиуз.

"Иаҳхысыз ашықәсқәа рзы 80% аҽаҩра ҳцәыӡуазҭгьы, сынтәа уи аиқәырхара ҳалшеит", - иҳәеит иара.

Араса ахәԥса шьақәзыргыло аахәаҩ иоуп, убри аҟнытә араса ахә макьаана еилкаам, иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

2020 шықәсазы Урыстәыла 130 миллион мааҭ рыхә ацхыраара ҟанаҵеит. Урҭ аԥарақәа рыла иаахәан апестицидқәа, ахәшә ақәҭәагақәа, амаруга ҷыда.

Ажәабжьқәа зегьы
0