Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа афонтәи ашьхараҿы иҟьалаз аԥсшьаҩы дрыԥшааит

© Sputnik Вид на Новый Афон
Вид на Новый  Афон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2021
Анапаҵаҩра
Афон ҿыцтәи ашьхараҿы иҟьалаз аԥҳәыс аҭагылазаашьа ҷыдақәа аиқәырхаратә гәыԥ лышьҭаланы идәықәлеит нанҳәа 4 рзы, шьыжьнаҵы.
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны АҶА аԥшаара-аиқәырхаратә гәыԥ афонтәи ашьхараҿы иҟьалаз аԥсшьаҩы дрыԥшааит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аԥҳәыс лыԥшаара иалагеит нанҳәа 4 рзы, шьыжьнаҵы. Аиқәырхаҩцәа аԥсшьаҩы амҩахәасҭала Афон ҿыцтәи аберҭыԥ ахь дылбааргеит.
Аусбарҭа апресс-маҵзура ишааныцҳауа ала, амҩан дара ирԥылеит ахәыҷы дызманы ашьхарахь зымҩа хаз аԥсшьаҩцәа. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ақалақь ахь илбаарц ирыҳәеит, абнарахь ацара шшәарҭоу рарҳәеит.
Аԥсны АҶА атәыла ауааԥсыреи асасцәеи рахь аҳәара ҟарҵоит рхы гәарҭаларц, ашьхара иаԥу аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0