Аԥсуа еибашьыга шхәа аӡиа Риҵа ихырҵеит

© Foto / facebook / Батал ДжапуаГалера на Рице
Галера на Рице  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-адыга еибашьыга шхәа ареплика ддырбеит Маиҟәаԥ, Мрагылара амузеи аҿы нанҳәа 4 рзы.
АҞӘА, нанҳәа 5 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа еибашьыга шхәа аӡиа Риҵа ихырҵеит, абри атәы Facebook аҿы ианиҵеит асахьаҭыхыҩ, аҵәаӷәанҵа автор Баҭал Џьапуа.
Архивтә сахьақәа рыла еиҭашьақәыргылоу аԥсуа еибашьыга шхәа Петрозаводск иҟарҵеит аетнопарк "Аԥсны" аҿаҵала. Ашхәа қәҿиарала иԥыршәеит Онегатәи аӡиаҿы иҟоу аӷбаргыларҭа "Варяг" аҿы. Ашхәа аура 14,5 метра иҟоуп, аҭбаара - 2,5 метра. Ажәҩақәа 14 амоуп. Карелиатәи аԥсаӡи аџьи ирылхуп. Сааҭк ала аццакра 12-14 километра инаӡоит. 50-ҩык ауаа акуеит.
Sputnik аинтервиу аҭо асахьаҭыхыҩ, аҵәаӷәанҵа автор Баҭал Џьапуа ишиҳәо ала, арҭ ашхәақәа реиԥш змаз аԥсуааи адыгақәеи ракәын. Дара рыхкқәа рацәан. Иҟан 200-300-ҩык шьҭызхуаз.
Аԥсуа еибашьыга шхәа ачертиожқәа Баҭал Џьапуа иҟаиҵеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рархивтә сахьақәа рыла, аетнографцәа рыҭҵаарақәа рыла. Иазԥхьагәаҭоуп даҽа шхәакгьы аргылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0