Аҟәа Мраҭашәара Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара архынҳәразы рааԥхьара аҭак ҟанаҵеит

© Sputnik Кабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2021
Анапаҵаҩра
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак атәыла-лахәылақәа быжьба аицҳәамҭа ҟарҵеит. Уи аҟны адҵа ҟарҵеит Урыстәыла Аԥсны ар алнагарци ареспублика ахьыԥшымраз азхаҵара архынҳәырци.
АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахҳәаа анаҭеит 2008 шықәсазтәи нанҳәатәи ахҭысқәа раахижьҭеи 13 шықәса аҵра аламҭалаз Мраҭашәаратәи атәылақәак еицыҟарҵаз Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара иҟанаҵаз мап ацәнакырц ааԥхьара.
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2021
Арадио
Ҳагба ахҳәаа аиҭеит Урыстәыла аганахь Мраҭашәаратәи атәылақәа иҟарҵаз аҳәамҭа
Ари аҩыза аҳәамҭа ҟарҵеит ЕАА, Великобританиа, Франциа, Ирландиа, Норвегиа, Естониа, Албаниа.
"Угәы унамырхьыр залшом аҳәамҭа ҟазҵаз Мраҭашәаратәи атәылақәа абриаҟараамҭа иалагӡаны 2008 шықәсазы Аахыҵ Кавказ иҟаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы имҩаԥысыз аиҭакрақәа шьҭахьҟа хнырҳәышьа шрымам ахьырзеилымкаауа. Иара убри аан ари аҭагылазаашьа иахьа арегион аҿы ишьақәгыланы иҟоу усҟантәи Қырҭтәыла анапхгара равантиуратә курс иахҟьаз ареали ҿыцқәа акала ирнырраны иҟам", - ҳәа аҳәоит Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахҳәааҿы.
Адәныҟаполитикатә усбарҭаҿ иазгәарҭоит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы иаднакылаз аӡбара аиҭахәаԥшра залшом ҳәа, иагьацырҵеит аҳәынҭқарра азхаҵара Аԥсны ажәлар ирзин хадоу – амилаҭқәа рхалахатәҳәаақәҵара аетапқәа ишыруаку.
"Аԥсны Аҳәынҭқарратә суверенитет аиура аҭоурыхтә аиԥш аморал-зинтә шьаҭагьы аманы иҟоуп", - ҳәа аҳәоит атекст.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мраҭашәаратәи атәылақәа иҟоу аилибамкаарақәа рыӡбаразы амҩақәа рыԥшаара ацынхәрас, Аԥсны аинтересқәагьы азазгәазҭаша аконструктивтә позициа ақәныҟәара ацынхәрас – уи Аԥсны ажәлар рҭахрақәа адунеитә еилазаара ишеилыркааз азы шаҳаҭра шауагьы, "ҩ-стандартк рықәныҟәара апрактика" иқәныҟәоит ҳәа азгәанаҭеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Затулин Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рзы: Урыстәыла иҟанаҵаз азхаҵара мап ацәнакӡом
Ажәабжьқәа зегьы
0