"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит жьҭаарамзазы Аԥсны акциақәа рҽырзыҟарҵаларц

© Sputnik / Бадрак Авидзба Пресс-конференция общественной организации ветеранов Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов "Аруаа"
Пресс-конференция общественной организации ветеранов Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов Аруаа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Анапаҵаҩра
1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" апресс-конференциа мҩаԥыргеит АРСМИРА.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. "Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа ааԥхьара ҟаиҵеит жьҭаарамзазы Аԥсны ауааԥсыра акциақәа рҽырзыҟарҵаларц ҳәа ааицҳаит аҭыԥ аҟынтәи акорреспондент.
Убри аан Гәлиа иазгәеиҭеит ахада Иусбарҭеи егьырҭ аиҳабыратә обиектқәеи анапахь раагара аӡәгьы игәы ишҭам.
Аҿагыларатә акциа жьҭаарамзазы имҩаԥгахоит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы ауаа рацәа меизарц.
Иара иажәақәа рыла, аҿагыларатә акциа мҩаԥгахоит Аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы, ирылаҳәахоит аекономика аминистри Аԥсуа телехәаԥшра аиҳаби русура иамхзарц адҵаҟаҵара рнапынҵақәа ахьырзынамыгӡо азы.
Брифинг оппозиции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Аԥсны аоппозициатә мчқәа реидгыла акриминогентә ҭагылазаашьа иалацәажәеит
Ҭемыр Гәлиа иҳәеит ареспубликаҿ апроблема рацәа шыҟоу, урҭ рыӡбара аҳәынҭқарра ишалымшо.
Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы аԥкрақәа шрыланаҳәаз, даҽа ганкахьала атурист сезон ишасакьаҳәымҭоу, ашәарҭадаратә хымҩаԥгашьа аӡәгьы дшацымныҟәо.
"Аруаа" алахәыла Ҭемур Надараиа акритика азыҟаиҵеит аҳәынҭқарра апозициа абылтәы ахә ахаларазы. Иара иажәақәа рыла апроблема аҭышәныртәалараз акгьы ҟаҵам, иҟоу аҭагылазаашьа аҽацәыхьчаразы ишауаз алагалатә ахәԥсацҵазы ашәахтә ркьаҿзар шауаз. Убри аан урҭ ацәыӡқәа абылтәы ахархәара ишацырҵоз.
Ажәабжьқәа зегьы
0