Габриель Пацуриа ихәшәтәразы аԥареизгара иаҿуп

© Foto / предоставила Мактина Шакая Габриэль Пацурия
Габриэль Пацурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" шықәсыки бжаки зхыҵуа Габриель Пацуриа ихәшәтәразы аԥареизгара мҩаԥнагоит нанҳәа 18 рҟынӡа. Анаҩс ахәыҷы иҭаацәа рхала иацырҵоит аԥара аизгара.
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. 400 000 мааҭ инеиҳаны аԥара еизыргахьеит Габриель Пацуриа ихәшәтәразы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Иахьазы 400 нызқь мааҭ инеиҳаны еизгоуп. Аԥареизгара цәгьамкәа имҩасуеит, аха еизгатәу уазхәыцыр еиҳа ахыц-хыцра аадырԥшуазар уҭаххоит. Сгәы иаанагоит ауаа еизгатәу анырбо дара иршәо 20, 30 ма 50 мааҭ акгьы аанамгошәа рбоит ҳәа, аха мааҭкгьы аҵакы амоуп. Аԥсны 240 000-ҩык нхоит, зегьы 600-600 мааҭ ҟарҵаргьы акы иаԥсоуп. Анцәа иџьшьаны аԥара Аԥсны адагьы Урыстәылагь аизгара иаҿуп. Ҳгәыӷуеит хара имгакәа аԥара еизгахап ҳәа", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Габриэль Пацурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2021
Иԥсеиқәырхагоу агәыр: "Ашана" Габриель Пацуриа ихәышәтәразы аԥареизгара иалагеит
Афонд "Ашана" аиҳабы илҳәеит раԥхьа Габриель Пацуриа ичымазара аҩбатәи атип  ҳәа ишьақәыргылан, аха анаҩс аклиникаҿ аҭаацәа ирмазҵааӡакәа актәи атип ҳәа адиагноз шықәдыргылаз.
"Актәи атип еиҳа иуадаҩуп, ахәыҷқәа ррыԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭадырсуеит. Ишакәхалакгьы ахәшә аахәатәуп", - ҳәа лҳәоит Џьынџьалԥҳа.
Ахәыҷы аамз анихыҵуаз агенетикатә чмазара идырбалеит – абӷа-жьышә лыԥсаара. Есыҽны ичымазара аҽарӷәӷәоит – ишьапқәа кәадахоит, иԥсыԥ лагаҩагареи албаадареи уадаҩхеит.
Ахәыҷы еиқәырхараз иаҭахуп агәыр "Золгенсма". Иара ҩышықәса ихыҵаанӡа изыҟаҵатәуп, икапан 13 кьыла еиҳахаанӡа. Габриель шықәсыки бжаки ихыҵхьеит, 11 кьыла дыҟоуп. Убри азы ацхыраара хымԥадатәиуп.
Аҭыԥантәи аҳақьымцәа ишырҳәо ала ари аҩыза ачымазара змоу Аԥсны даҽа хәыҷыкгьы дыҟоуп, уи уажәы аҳәаанырцә ихәшәтәра иаҿуп.
"Золгенсма" Гиннес ирекордқәа рышәҟәы иануп адунеи аҿы реиҳа зыхә дуу ахәшә ҳәа. 160 миллион мааҭ иаԥсоуп. Аҭаацәа 13 миллион мааҭ еизыргахьеит.
Афонд "Ашана" шықәсыки бжаки зхыҵуа Габриель Пацуриа ихәшәтәразы аԥареизгара мҩаԥнагоит нанҳәа 18 рҟынӡа. Еизгахо аԥара афонд "География добра" иахыԥхьаӡалахоит ахәшә аахәаразы. Анаҩс ахәыҷы иҭаацәа рхала иацырҵоит аԥара аизгара.
Ажәабжьқәа зегьы
0