Басла ақәаршҩы иахҟьаны аҭра иҭыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукПоследствия затопления города Сухум
Последствия затопления города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 15-16 руыха Аҟәа ақәа ӷәӷәа леит. Аиҳарак ааха аиуит Турбаза араион.
АҞӘА, нанҳәа 16- Sputnik. Басла нанҳәа 15-16 руыхатәи ақәаршҩы иахҟьаны аҭра иҭыҵит.
Турбаза араион аӡы аҵалеит: ахатәы ҩынқәеи адәқьанқәеи аӡы рыҩналеит.
Иҟалаз амҽхак азы макьаназ аофициалтә информациа ыҟам.
Аҵыхәтәантәи амза аҩнуҵҟала хынтәуп  абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоижьҭеи.
Ԥхынгәы 27 азы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа хыҵит, ааигәа-сигәа инхоз рыҩнқәа ирыҵалеит, Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони руааԥсыра ӡыда иҟан аӡыҭгагатә станциа ааха ахьаиуз иахҟьаны.
Ԥхынгәы 4 азы иҟаз аԥшатлакәи ақәаршҩи ареспублика араионқәа ааха ӷәӷәа рнаҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0