Хымш ирықәуп Дәрыԥшь ақыҭа ахәҭак лашарада иҟоуижьҭеи

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМожайский гидроузел
Можайский гидроузел  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 13-14 рзы ақыҭаҿ иԥхасҭахеит 15 ҩны алашара рзыназышьҭуа атрансформатор.
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Хымш ирықәуп Дәрыԥшь ақыҭа ахәҭак лашарада иҟоуижьҭеи. Нанҳәа 13-14 рзы ақыҭаҿ иԥхасҭахеит 15 ҩны алашара рзыназышьҭуа атрансформатор. Иҟалаз мзызс иамоу макьаназ еилкаам ҳәа рҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭатәи аҟәша аҿы.
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Амшцәгьа иахҟьаны Аҟәа ахәҭак лашарада иҟоуп
Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы Ахра Гагәылиа иҳәеит уи зыхҟьаз аидара рацәа акәзар шалшо.
"Иҟалаз зыхҟьаз еилкаам, иагьҭаҳамҵаацт. Аҭыԥ ахь аусутә гәыԥ наҳашьҭит. Урҭ разгәаҭақәа рыла атрансформатор аԥхасҭахара зыхҟьаз аидара рацәа акәзар алшоит, мамзаргьы аҳауа аҭагылазаашьа иахҟьазаргь ҟалоит. Ари ацәаҳәаҿы уажәы ахԥатәи трансформаторуп иԥхасҭахо. Аԥхьатәиқәа ҩба ҳаԥсаххьеит", - иҳәеит Ахра Гагәылиа.
"Амшынеиқәафымцамч"  Гәдоуҭатәи аҟәша аиҳабы Ахра Гагәылиа иҳәеит атрансформатор Аҟәаҟа ишгатәу, уа аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргылара шамуа.
"Аремонт ҟазҵо "Амшынеиқәафымцамч" ауп, аха уа жәабала атрансформаторқәа гылоуп аиҭашьақәыргыларазы", - иҳәеит Гагәылиа.
"Амшынеиқәафымцамч" ақыҭа ахәҭа лашарала аиқәыршәаразы атрансформатор ҿыц аанахәароуп.
"Уажәы атрансформатор ҳамам, иҳаԥшаароуп. Ақыҭауаагьы аҭел иасуеит, урҭгьы аԥшаара иаҿуп",- иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз АУН атехникатә директор Рамин Зингишвили.
Уи иажәақәа рыла ари азҵаара амш иалагӡаны иӡбахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0