Гәылрыԥшь араион ақыҭақәа хәба ҭахкааны иаанхеит амшцәгьа ашьҭахь

© Foto / Администрация Гульрипшского района Мост в Допукыт
Мост в Допукыт - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Анапаҵаҩра
Амшцәгьа аан Гәылрыԥшь араион ақыҭақәа Уарчеи Драндеи рҟны ақыҭауаа рыҩнқәа аӡы рыҵалеит.
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гәылрыԥшь араион Допуқыҭ ақыҭан ацҳа аӡы иагеит нанҳәа 15-16 азтәи амшцәгьақәа раан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Аслан Бараҭелиа.
Затопленное село в Очамчырском районе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Очамчыра араион хә-қыҭак ааха роуит амшцәгьа иахҟьаны
Ацҳа ахьҭабгаз иахҟьаны араион ақыҭақәа хәба амҩаду иаҟәыгахеит.
"Допуқыҭ, 20 метра иҟоу аестон цҳа ҳәа изышьҭоу амшцәгьа ашьҭахь аӡы иҵнаӡәӡәааит. Ацҳа ҭабгеит. Иарала  уажәы аныҟәара алшом. Иахьа ахәылбыҽха аӡы лаҟәыр ҳәа ҳаԥшуп. Ахыкәшаратә мҩа ҟаҳҵоит. Абри ашьҭахь ақыҭақәа реимадара алыршахоит",- иҳәеит иара, иагьациҵеит ацҳа аиҭашьақәыргылара ҩымчыбжь еиҵамкәа ишадхало.
Амшцәгьа аан Гәылрыԥшь араион ақыҭақәа Уарчеи Драндеи рҟны ақыҭауаа рыҩнқәа аӡы рыҵалеит.
Бараҭелиа иҳәеит аԥхасҭа ахәшьара нагӡаны ишамам, макьана зехьынџьара анеира ахьзалымшо азы.
"Кәыдрытәи аиҩхаахь ҳзымнеиц. Аинформациагьы нагӡаны иҳамам. Иахьынӡаздыруа ала Ажара аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Ишсарҳәаз ала амҩақәа хаҳәымҿыхәла ихҟьоуп. Уажәы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Кәыдрыҟа амҩа ақәа ауцԥхьаӡа аӡы иҵнаӡәӡәаауеит", - иҳәеит иара.
Гәылрыԥшь ахада иҳәеит хәышықәса раԥхьа Кәыдры хәыҷы аӡышьҭра ахьыдрыцқьаз азы ақыҭақәа Естнокеи Владимировкеи уажәтәи амшцәгьақәа раан аԥхасҭа рмоуит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0